АҦСНЫ ААП АХАҬАРНАКЦӘЕИ «АҦСУА ТУРИЗМ АИЛАЗААРЕИ» АСТУДЕНТЦӘА ИРЗЕИҬАРҲӘЕИТ ИМҨАҦЫРГО АУСҚӘЕИ, РХЫҚӘКЫ ХАДАҚӘЕИ РТӘЫ
Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ашколхәыҷқәеи астудентцәеи рҧылара атрадициа иацнаҵеит. Аусмҩаҧгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны аҿар ирзеиҭаҳәахоит Апалата имҩаҧнаго аусқәеи, Аҧсны аекономика аҿиараҿы иҟанаҵо алагалақәеи ртәы.
Хәыжәкыра 5 рзы Аҧсны ААП аҧшьгарала еиҿкаау Икоммерциатәым аилахәыра «Аҧсуа туризм аилазаара», Апалата ҿырҧшыс иҟаҵаны, ААП атуризм аҟәша алархәны имҩаҧнагеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет абиологиа-географиатә факультет (ахырхарҭа «Атуризм») аҟны аҵара зҵо астудентцәа рҧылара. Аиҧылара убасгьы рхы аладырхәит ҳтәыла абизнесуаа.
Аиҧылара аартуа, Аилазаара ахада Анна Калиагина иӡырылгеит «Аҧсуа туризм аилазаара» иазку акиносахьа, анаҩс астудентцәа ирзеиҭалҳәеит уи имҩаҧнаго аусхкқәа ртәы: анаплакҩыцәа рҧыларақәа, астол гьежьқәеи, амастер-классқәеи, афорсаид-сессиақәеи реиҿкаара. Ҷыдала, Калиагина дазааҭгылеит Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи, «Аҧсуа туризм аилазаареи» еилахәны ҩынтәны имҩаҧыргахьоу атуристтә форум «VIZIT APSNY».
Иара убасгьы еизаз иргәалалыршәеит «Аҧсуа туризм аилазаара» шалахәыз ААП еиҿнакааз ацқьара амш, «Ицқьоу Аҧсны ахьӡала» ҳәа девизс измаз.
Анна Калиагина жәа ҟәандала дихцәажәеит Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата раҧхьатәи ахада Геннади Леонид-иҧа Гагәылиа, убасгьы иазгәалҭеит напхгара ззылуа Аилазаара аҧҵараҿы иара иҟаиҵаз илагала шдуу.
ААП атуризм аҟәша аиҳабы Инара Даурова астудентцәа ирзеиҭалҳәеит Аҧсуа туризм аӡыргаразы Апалата имҩаҧнаго аусқәа ртәы, раҧхьаӡа иргыланы – еиуеиҧшым жәларбжьаратәи ацәыргақәҵақәа рылахәра, Аҧсны иамоу апонтециал аарҧшра шакәу азгәалҭеит. Убасгьы, Апалата еиҿнакааз апресс-турқәеи, аинформациатә-ӡыргаратә турқәеи дырзааҭгылеит. Даурова лажәақәа рыла, Европа инхо ауааҧсыра Аҧсны агнахьала аинтерес ду рымоуп, екзотикатә тәылак аҳасабала иахәаҧшуеит.
«Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵақәа рылахәхараан, ихадоу акы акәны иҟоуп аҧснытәи аалыҵ аӡыргара. Ҳпавилион иаҭаауа зегьы ицәыргоу аалыҵ ргәаҧхоит, есымша иазҵаауеит уи аахәара ахьрылшо атәы, иара убасгьы, Аҧсны аҭааразы иаҭаху еилыркаауеит», - лҳәеит Даурова.
Ҷыдала, Инара Даурова иазгәалҭеит, жәларбжьаратәи ацәыргақәҵақәа рҿы Аҧсны алахәра Қырҭтзыла еснагь аҿагылара шарҭо, аҧырхага аҟаҵара рыҽшазыршәо. Ҿыршысгьы иаалгеит, зныкымкәа Қырҭтәыла аиҳабыреи, уи адипломатцәеи иаҧшьыргахьоу аҧсуа делегациа ақәгылара иаҧырхагаз апротестқәа.
Асасааирҭа «Амра» аиҳабы Елена Клеменко астудентцәа ирзеиҭалҳәеит напхгара ззылуа аиҿкаара аусура шышьақәгылоу атәы, убасгьы дырзааҭгылеит иара аҩныҵҟа иҟоу иуникалтәу ахәшәтәырҭатә базеи, абассеинеи, аҽазыҟаҵаратә зали, акинотеатри.
Клеменко ҷыдала иазгәалҭеит, асасааирҭа шазыхиоу астудентцәа апрактиказы рыдкылара, анаҩс урҭ усурҭа ҭыҧла реиқәыршәара алшартә ишыҟоугьы. Убасгьы, лара дазааҭгылеит асасааирҭа аҧсшьаҩцәа рыла ахарҭәаара иацу акәама-ҵамақәеи, насгьы ауаа рыҧсшьара аиҿкаараан иуҧыло еиеуҧшым апроблемақәа.
Асасааирҭа «Интер-Сухум» аиҳабы Лев Павлови, асасааирҭа «Аква Резорт» аиҳабы Низам Ҳапати еицҿакны иазгәарҭеит аҧсшьарҭатә сервис аҩаӡара шыҳарактәу, уи, дара ргәаанагарала, иалыршахоит амчеилаҧса мацарала.
Астудентцәа иқәгылоз асасцәа ирызҿлымҳаны ирзыӡырҩуан, азҵаара рацәагьы рызцәырҵит. Раҧхьаӡа иргыланы иазҵаауан – «Аҧсуа туризм аилазаара» иҿыцу атуристтә маршрутқәа раҧҵара агәы иҭоу-иҭаму, аҵыхәтәантәи аамҭазы атуризм аҟны ҧсахрақәас иҟалахьоу, анефт аҵхра атуризм ишаныруа, атуристтә аалыҵ шышьақәгыло апроцесс, «Асас ихсаала» аус шауа, убас егьырҭ азҵаарақәа.
Аиҧылара иалахәыз Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аусзуҩцәа ҧхьаҟатәи аусеицуреи, астудентцәа алархәны атуристтә усмҩаҧгатәқәа реиҿкаареи рзы адгаларақәа ҟарҵеит, иара убасгьы иалацәажәеит аусуратә практикеи, аусурҭа ҭыҧқәа рыла афакультет аушьҭымҭацәа реиқәыршәареи ирызку азҵаарақәа.