АА ААПи Арзамастәи аделегациеи русуратә еиҧылара
АА ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата ааҧхьарала Аҧсны аусуратә визитла иаҭааит ақ. Арзамас аделегациа.
Арзамастәи аделегациа иалахәын:
-ақ Арзамас ахада, Бузин М.М.
-ааглыхыҩцәеи анапалакыҩцәеи Арзамастәи ассоциациа “Аҿиара” ахада, Лавричев В.В.
-ИАЕ “Пустынь” адиректор хада, Анисимов Е.А.
-ЗҲәА “КТВС-ИНФО” ателеканал “Доброе ТВ” аредактор хада Болотина А.А. уҳәа уб.егь.
Иунь 25, 11 сааҭ рзы отель “Атриум Викториа” аконференц зал аҿы имҩаҧган ақ. Арзамаси Г.Гагәылиа напхгара зиҭо Ахәаахәҭра-ааглыхратә, Аҧсны анапалакыҩцәеи реиҧылареи.
Аҧсны аганахь ала аиҧылара иара иалахәын анаплакқәа рхаҭарнакцәа: АК “Аҧсныргылара” адиректор хада Тәанба Руслан Рауф-иҧа; Анапалакыҩцәеи ааглыхыҩцәеи Рхеилак ахантәаҩы Осиа Леонид Дырмит-иҧа; ЗҲәА “Строимонтаж” адиректор Цәеиба Гарик Георги-иҧа;
Иалацәажәан акурорттә инфраструктура, ахәаахәҭра, АКргыларатәи аспорттәи комплексқәеи, атәыла ахаҿы арҧшӡара инеизакны.
Акнференциа ахыркәшараан еимдан агәаларшәагатә ҳамҭақәа, уи ашьҭахь АА ААП анапалакыҩцәеи ааглыхыҩцәеи Арзамастәи рассоциациа “Аҿиареи” рыбжьара.