Ажәабжьқәа

АСҬАМЫР АХБА АҦСНЫ АОТЕЛИЕРЦӘА РГИЛЬДИА ДАХАГЫЕЛИТ

29.03.2019

Асҭамыр Ахба еицҿакрыла далхын Икоммерциатәым Аилахәыра «Аҧсны аотелиерцәа ргильдиа» ахадас. Абас ӡбан мшаҧымза 1 азы Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аконференц-зал аҟны имҩаҧысыз аотелиерцәа изаамҭанытәым реиҧылараҿы.

Ахба икандидатура алацәажәара азҧхьагәаҭауа ААП ахада Тамила Мерцхәлаа еизаз иргәалалыршәеит Аотелиерцәа ргильдиа шаҧҵаз 2016 шықәсазы, апалатеи уи аҟны иаҧҵоу атуристтә фирма «Дольче-Витеи» раҧшьгарала. Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рҟынӡа уи напхгара азиуан Игор Жигун, аха уажәазы анажьратә мзызқәа рыла имаҵура аанижьит.

Жигун иусуразы иҭабуп ҳәа иаҳәаны, Тамила Мерцхәлаа иазгәалҭеит агильдиа аҧҵоуижьҭеи ашықәсқәа ирылагӡаны атуризм аганахьала имҩаҧысуаз еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа зегьы ишрылахәыз, атәыла анҭыҵтәиқәагьы уахь иналаҵаны, насгьы Аҧсныҟа аҧсшьаҩцәа радыҧхьалара хықәкыс измоу аиқәшаҳаҭрақәа ҩба шаднакылаз – Ставропольтәи атәылаҿацәи Свердловтәи аобласти рҟынтә иҳәынҭқарратәым аилазаарақәеи иареи рыбжьара.

«Ҳҿаҧхьа зҵаара хаданы иқәгылоуп агильдиа ҧхьаҟа изгаша уи ахада ҿыц иалхра, убри ауаҩ  аотелиерцәа ринтересқәа рыхьчара иазыхиоу иакәзароуп. Ҳгәыӷуеит, ахада ҿыц ипрофильтәиу аилазаарақәа рҟны аусеицуратә еиқәшаҳаҭрақәа инапы рыҵаиҩлоит ҳәа, жәларбжьаратәиқәагьы уахь иналаҵаны», – лҳәеит Тамила Мерцхәлаа.

Агильдиа аҧҵаҩы иаҳасабала Мерцхәлаа еизаз ирыдылгалеит Асҭамыр Ахба икандидатура, уаанӡа Аҧсны акурортқәеи атуризми рминистр ихаҭыҧуаҩс иҟаз.

«Асҭамыр Иаков-иҧа акыраамҭа ҵуеит Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аус ациуеижьҭеи. Уи адагьы, ари ахырхарҭала иҟоу апроблемақәа зегьы нҭырҳәцааны еиликаауеит, рыӡбарагьы шаҭаху идыруеит. Агильдиақәа русура ҳҽалаҳгалаӡом, аха ҳара ҳзы акраҵанакуеит урҭ ишахәҭоу еиҧш аус руа иҟазарц, ҳаганахьалагьы раҧшьгарақәа зегьы адгылара раҳҭоит, иҳалшогьы зегь ҟаҳҵоит русуразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раҧҵаразы. Апрофессионалцәа реидкылара – адунеи зегь аҿы идыру практикоуп, абас иҟоу аилахәырақәа шаҟа ирацәахо аҟара ирасны ишәыӡбалоит шәҿаҧхьа ицәырҵуа азҵаарақәа», – ҳәа азгәалҭеит Тамила Мерцхәлаа.

Аизара иалахәыз аотелиерцәа зегьы еицҿакны иақәшаҳаҭхеит агильдиа аиҳабыс Асҭамыр Ахба иалхра.

ААП ахадеи иколлегацәеи иара иганахьала иаадырҧшыз агәрагаразы иҭабуп ҳәа раҳәаны Асҭамыр Ахба иазгәеиҭеит апалата иаҧнаҵо аиҿкаарақәа рыбзоурала ҳтәыла атуристтә сектори егьырҭ ахырхарҭақәеи қәҿиарала ҧхьаҟа ишцо.

«Аминистрраҿы смҵура аансыжьит, избанзар аус рыцзулар сҭахуп асасааирҭатә бизнес апрофессионалцәа, дареи сареи ҳажәҩахыр еибыҭаны ари ахырхарҭаҟны ицәырҵуа апроблемақәа ҳаӡбаларц азы. Абас еиҧш иҟоу ауаажәларратә еиҿкаара еиҳабык иаҳасабала исылшо иаҳа ирацәоуп ҳәа сгәы иаанагоит аҳәынҭқарратә маҵураҿы аасҭа. Ҳара ҳажәалагалақәа ҳаманы ҳнеилоит Жәлар реизарахь, атәыла аиҳабырахь, аҭыҧантәи администрациақәа рахьгьы. Асасааирҭақәа русхк – атуризм зегьы ҧхьаҟа изго локомотивуп. Уи арҿыцрақәа аҭахны иҟоуп, ҳаргьы уи аганахьала аусура ҳазхиоуп», – ҳәа иажәа хиркәшеит Асҭамыр Ахба. 

Аотелиерцәа изаамҭанытәым реизара ихы алаирхәит Аҧсны акурортқәеи атуризми рминистр ихаҭыҧуаҩ Асҭамыр Барцыц.

Асҭамыр Ахба 2012 шықәса инаркны 2019 шықәсанӡа Аҧсны акурортқәеи атуризми рминистр ихаҭыҧуаҩс аус иуан. Хатәгәаҧхарала имаҵура аанижьит.