Персиатәи аӡыбжьахала атәылақәа рҿы АА ААП ахаҭарнак – Иасмина Азари
Аиҧылара аартын Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Гагәылиа Г.Л. иаҳәақәа рыла, иара иҭабуп ҳәан леиҳәеит Иасмина Азари дахьақәшаҳаҭхаз Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата аинтересқәа хаҭарнакра рзыра Персиатәи аӡыбжьахала атәылақәа рҿы. «Ҳара, Аҧсны бзиала шәаабеит ҳәан шәаҳәара даара ҳаигәырӷьоит. Шәара Аҧсны шәаҭаара ишьақәнарӷәӷәоит шәшазыҿлымҳау аҩ-ганктәи аусеицура»,- иҳәеит Гагәылиа Г.Л.
Иасмина Азари лганахь ала иаалырҧшит Аҧсны анапалакыҩцәеи Персиатәи аӡыбжьахала атәылақәа рҿы анапалакыҩцәеи рыбжьара аустә еимадара аизырҳара дшазыхио, Аҧсны аҳәынҭқарра Ахәҳаахә ҭра-ааглыхратә палатеи Персиатәи аӡыбжьахала атәылақәа рхәаахәҭра-ааглыхратә палатақәеи еиуеиҧшым абизнес-еиҿкаарақәеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара ҩ-ганктәи аусеицура алҵшәахаразы.
Аиҧылара ахыркәшараан аганқәа аҳамҭақәа еимырдеит.