Еимазаку Аизара

Апалата алахәылацәа рзеиҧш еизара
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата иреиҳаӡоу анапхгараҭаратә усбарҭаны иҟоуп Апалата алахәылацәа рзеиҧш еизара.
Изаамҭанытәиу  Аизара  Апалата ахадара ааҧхьарала шықәсыкахь знык имҩаҧгахоит. Хырҧашьа змам азҵаарақәа рыӡбаразы, изаамҭанытәим Аизара еизгазар ҟалоит.
Изаамҭанытәим Аизара еизгахоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата Ахадара, агәаҭаратә комиссиа, ма Апалата алахәылацәа 2/3 рыӡбарала.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата алахәылацәа рзеиҧ Еизара:

  • Апалата аусуразы ажәахәқәа ирзыӡырҩуеит, агәаҭаратә комиссиа аҳасабрбақәа рыла аӡбара рыдыркылоит;
  • Ахадара алнахуеит;
  • Апалата агәаҭаратә комиссиа алнахуеит, ишьақәнарӷәӷәоит иара аусуразы Ақәҵара;
  • АА ААП Аҧҟаҧҵәа аднакылоит, аҧсахрақәа аланагалоит;
  • АА ААП аусура аанкыларазы аӡбара аднакылоит;
  • Апалата аусурахь иаҵанакуа егьырҭ азҵаарақәа аӡбоит;

Азҵаарақәа изаамҭанытәиу аизараҿы еиҧш, изаамҭанытәим аизараҿы аӡбаразы излацәажәо ӡбахоит иаарту абжьыҭирала, аӡбаразы иаҭахуп абжьы аиҳара агара (50%-1абжьы) аизараҿы иалахәы алахәылацәа рыбжьы. Аҧҟаҧҵәа аҧсахрақәа ма ацҵақәа, Апалата аусура аанкылара, арҭ азҵаарақәа рыла аӡбара рыдкылахоит Аизараҿы иалахәу алахәылацәа 2/3 рыжбыҭирала.
Аӡбара амчра аиуеит иаразнак, даҽакы иара аӡбараҿы иазгәаҭамзар.