Ажәабжьқәа

ГЕННАДИ ГАГӘЫЛИА ИГӘАЛАШӘАРА ИАЗКНЫ...

ГЕННАДИ ГАГӘЫЛИА ИГӘАЛАШӘАРА ИАЗКНЫ...

09.09.2019

Шықәсык ҵуеит Геннади Леонид-иҧа Гагәылиа иҧсҭазаара далҵижьҭеи…

Ари, Геннади Леонид-иҧа иуацәеи иҭынхацәеи рзеиҧш, ҳәарада, аҧсуа жәлар зегьы рзы ицәыӡ дууп.

Иналукааша аҳәынтқарратә, ауаажәларратә усзуҩ, Аҧсны Ахәынҭқарра раҧхьатәи ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба иҩыза бзиас иҟаз, иҧсы ахьынӡаҭаз ламыслеи гәыцқьалеи зыжәлари зыпсадгьыли рымаҵ зуаз, Аҧсны аинтересқәа ирзықәҧоз… Абас акәын Геннади Гагәылиа дшыҟаз.

Геннади Леонид-иҧа Аҧсны асоциалтә-економикатә, акультуратә ҿиаразы, иҧсадгьыл ашәарҭадара арӷәӷәареи, Аҧсны ахьӡ адунеижәларбжьара игаларц азы илшаз даараӡа ирацәоуп.  

Аҧсназы иуадаҩыз ашықәсқәа раан Геннади Гагәылиа хынтә аҧыза-министрс дҟалахьан (1995-1997 шықәсқәа, 2002-2003 шықәсқәа, 2018 шықәса – мшаҧымза инаркны цәыббрамзанӡа), апатриот ду, апрофессионал ишихәҭоу еиҧш илшоз зегь ҟаиҵон иҧсадгьыл амшхәыбзазареи ашәҭыкакаҷреи рзы.

Геннади Леонид-иҧа иусураҿы ирацәаӡоуп иналукааша, зыӡбахә умҳәар ҟамло аихьӡарақәа. Урҭ рҟынтә реиҳа иалукаартә иҟоуп 2002 шықәсазы иаҧиҵаз Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата. Иара инапхгарала ААП – абизнеси атәыла анапхгареи рхаҭарнакцәа нагақәа реицәажәара ахьалыршахаз ҭыҧны иҟалеит, иара убасгьы Аҧсны анаплакра аҿиаразы иӷәӷәоу цхыраагӡаны ахы аанарҧшит.

Геннади Гагәылиа еиуеиҧшым амаҵурақәа рҿы дыҟанаҵ, аҿар рыбжьара иааӡоит апрофессионалцәа рабиҧара, иахьазы урҭ ламысла Аҧсны амаҵ руеит.

Ҳара ҳтәы ҳҳәозар, Геннади Леонид-иҧа идҳәалоуп зегь реиҳа илашоу ҳгәалашәарақәа… Ҳара ҳзы иара наунагӡа даанхоит аламыси, ауаҩреи, аҭакҧхықәра дуи, агәамчи злаз уаҩны.

Ҳусура ҟазарала амҩаҧгашьа ҳирҵон, ҳамҩақәиҵон, абжьгарақәа ҳаиҭон, ҳазегь ҳахь ачҳара ааирҧшуан, дахьҳацхраара дашьҭан.

Еиуеиҧшым аусқәа рҿы абаҩхатәра ду аазырҧшуаз, згәы ҳалалыз, абзиарахь ирхоу аенергиа зцыз уаҩын. Абас еиҧш иҟаз анапхгаҩы хазына, аҩыза бзиа, зеиҧш ыҟам ауаҩы даараӡа дҳагуп иахьа.

Ауаа ражәа иалоуп, аҧсцәаҳа иреиӷьу алихуеит ҳәа, насгьы агәырҩа аамҭа азыҧҵәаӡам ҳәа… ихьаауп ҳара ҳзы уажәгьы уашьҭангьы ҳааигәара дахьыҟам.

Геннади Леонид-иҧа – аицамкреи, ахачҳареи, ахақәкреи, азанааҭдырра ҳараки дырсимволны наунагӡа ҳӷәалашәараҿы, дыздыруаз зегьгьы ргәалашәараҿы даанхоит.