Ажәабжьқәа

Аҟәа Аҧсны Аҳәынҭқарреи Кировтәи атәылаҿацәи Рхәаахәҭра-ааглыхратә палатақәа Рхадацәа реиҧылара

01.09.2016

Нанҳәа 31, 2016 шықәсазы Аҟәа ақалақь Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра ааглыхратә палата ахыбраҿы имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра ААП Ахада Гагәылиа Геннадии Кировтәи атәылаҿацә Виатсктәи ААп Ахада Николаи Липатникови рофициалтә еиҧылара.

Аиҧылараҿы ирылацәажәан анаҩстәи апалатақәа русеицуреи реимадареи, иара убас ахәаахәҭаратәи ананалакратәи еизыҟазаашьақәа еиҿтәра азҵаарақәеи.

Виатсктәи ААП Ахада ҭабуп иҳәеит изеиҿкааз иҧыларазы, дагьакқәгәыӷуеит апалатақәа анаҩстәи русеицура.