Ажәабжьқәа

Аҟәа аҧсуа аалыҵқәа рцәыргақәҵа «Аҧсны 2015» аатит

13.11.2015

Аҟәа VI аурыс-аҧусу аустә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны иаатит аҧсуа аалыҵқәа рцәыргақәҵа «Аҧсны 2015», иара Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадара адҵала еиҿыркааит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата.

Ацәыгақәҵа иаҭааит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Ҳаџьымба Рауль, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыха министр Артур Амқәаб, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ Габниа Виталии, Аҧыза министр актәи ихаҭыҧуаҩ Аӡынба Шамиль, Аҧсны Араионқәеи администрациақәеи рхадацәа, Бриансктәи атәылаҿацәа агубернатор Александр Богомаз уҳәа егьырҭгьы.

Ацәыргақәҵаҿы ицәырган 54 напалакыҩцәа раалыҵ Аҧсны араионқәеи ақалақь Аҟәеи рҟынтәи. Урҭ иреиуоуп ЗҲәА «Аҧсны аҩқәеи аӡқәеи» ррыжәтә џьбарақәа, аӡыржәтәи агаз моу арыжәтәқәеи афирма «Кәыдры», аҳамҭаҷқәа, ЗҲәА «Ачабаба» аалыҵқәа уҳәа егьырҭгьы.

Афорум асасцәа ацәыргақәҵаҿы ицәыргақәҵаз аалыҵқәа рыхәаҧшрадагьы, ргьама абарагьы рылшеит.

«Афорум амҩаҧгара алацәажәараан, ишьҭыҵит азҵаара, ацәыргақәҵа аиҿкааразы. Сара усҟан ус сҳәеит, аҟаҵара даара ишаҭаху, уи аамышьҭахь, ААП иадырҵеит иара амҩаҧгара. Ари раҧхьаӡатәи аиҧ-зеиҧшроу ҧышәоуп, аҧсуа напалакыҩцәа ирымоуп алшара афорум аурыс лахәылацәа рылшарақәа рырбара, Аҧсны ишыҟоу европатәи ахаҭабзиара змоу аалыҵ ҭзыжьуа анаплакқәа шыҟо», - иҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Ахада Гагәылиа Геннади.

Иара иазгәеиҭеит ацәыргақәҵаҿы ишалахәу анаплакқәа, жәларбжьаратәи ацәыргақәҵақәа рҿы иҳараку аҳамҭақәа заухьо.

«Ҳара ҳнаплакқәа- Аҧсны ахаҿроуп. Ацәыргақәҵа алахәра зҭахыз рацәаҩын, аха ишыжәбо еиҧш аҭыҧ амаҷра иахҟьаны, иара урҭ зегьы алшара рымам. Аха ари раҧхьатәи цәыргақәҵоу, ҳаҧхьаҟа алахәылацәа рҳәаақәа иаҳа иҳарҭбаалоит.