Ажәабжьқәа

Аҟәа иаатит Актәи атуристтә форум-цәыргақәҵа VISIT APSNY

07.03.2018

Хәажәкырамза 7 рзы асасааирҭа «Интер-Сухум» аҟны иаатит Актәи атуристтә форум-цәыргақәҵа VISIT APSNY.

Афорум аусура иалагоит хәажәкырамза 10 инаркны иагьацҵахоит ааҧын фестиваль “Амимоза ашәҭра” ала. 

Афорум аиҿкааҩцәас иҟоуп «Атуризм Аҧснытәи Аидгылеи» АА Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи.

VISIT APSNY – аустә усеицуартә еимадарақәа рырҕәҕәареи рырҭбаареи, абизнес-еимадарақәеи аиқәшаҳаҭра ҿыцқәа рыҵаҩра хықәкыс измоу атуристтә бизнес аҿиаразы лшара бзиоуп. 

Афорум аҟны аҭагылазаашьа ҟалоит дасу ибизнес, игәҭакқәа, ипроектқәа, апартниор ҿыццәа рыҧшааразы имҩаҧырго аусурақәа рыхцәажәаразы.  Ара ицәыргахоит аинформациатә технологиа ҿыцқәа: апресс- центр,усмҩаҧгатә аҟнытә ишиашоу ицо атранслиациа, аӡыргаратә роликқәа рықәыргылара, аелектронтә мҩаҧгагақәа зегьы рыҟны аматериалқәа, асаит убрахь иналаҵаны, акаталог, ажурнал, иара убас Амассатә информациа ахархәагақәа рҿы афорум иалахәхо рзы аинформациа.

Афорум-цәыргақәҵаҟны ирылацәажәараны иҟоуп аҧхынтәи аусурақәа рызҵаара, имҩаҧысуеит аусуратә еилатәарақәа, асеминарқәа, апрезентациақәа, иара убас иаартхоит актәи амимоза афестиваль  «Mimosa Fest», уи анаҩс ари афестиваль АА аҟны имҩаҧысло есышықәсатәи цәыргақәҵаны иҟалоит.

Хәажәкырамза 8 рзы ара иаатуеит итрадицианы иҟалаз хендмеиди ЗҲӘА «РАРА» «Арт-маркет» ҳазҭагылоу аамҭазтәи  аҟазареи рзы аџьырмыкьа-аҭира. Ара дарбанзаалак, асасцәагьы ҳтәыла ауааҧсырагьы ирбар, иаархәар рылшоит аҭыҧантәи аҟазацәа русумҭақәа, ишьақәгылаз акафеқәеи иҿыцу    аҧсуа стритфуд аҧшьгарақәеи, амилаҭтә рыжәтәқәа ргьаба абара, аҭыҧантәи аалыҵқәеи афатәи ирызку аицәажәарақәа рымҩаҧгара. 

Абри адагьы, аусмҩаҧгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгахоит аҭыҧантәи арҿиаратә еидгыларақәа рҧеишәмдарақәа,  афольклортә концертқәа, милаҭтә ансамбльқәа рықәгыларақәа.

Ари аусмҩаҧгатә аҟны аус рулоит афотоҭыхҩцәеи  авидеографцәеи.

Аҧсны раҧхьаӡакәны имҩаҧысуа афорум уснагӡатә хаданы аҿаҧхьа иқәгылоуп ҳтәыла атуристтә ҟәша азхьарҧшра, атуризм аҿиара зҿлымҳара иамоу аарҧшра, абри аганахьала ҧхьаҟа ацара, атуристтә гәыҧ ҿыцқәа аус рыцура.