Ажәабжьқәа

Аҟәа имҩаҧысит VIII-тәи Аҧсуа-аурыс усутә форум

27.10.2017

Жьҭаара 27 рзы Аҟәа имҩаҧысит VIII-тәи Аҧсуа-аурыс усутә форум. Аусмҩаҧгатә аиҿкааҩцәас иқәгылеит Урыстәылатәи Афедерациа Аекономикатә ҿиара аминистрреи Аҧсны аекономика аминистрреи.

Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны напаҵаҩын Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи «Ивановтәи аобласт Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата» Аидгылеи рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра. Аҧснытәи аганахьала аиқәшаҳаҭра инапы аҵаиҩит Аҧсны Ахәаахҭра-ааглыхратә палата ахада Геннади Гагәлиа, Ивановтәи аобласт аганахьала – Аидгыла аиҳабы Леонид Иванов.

Афорум аҟны иалкаан ааглыхреи анаплакреи рҟны реиҳа аихьӡарақәа аазырҧшыз аиҿкаарақәа, урҭ иранашьан Аҧсны аекономика аминистрра адипломқәеи, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата амедалқәеи.

Аноминациа «Иреиӷьу ааглыхҩы-аеспортиор» аҟны иалкаан ЗҲәА «Аҧснытәи аҩқәеи аӡқәеи» (адиректор хада Николаи Ачба), «Ахәаахәҭра ахырхарҭаҿы иреиӷьу анаплакы» аноминациаҿы иалкаан ЗҲҿА «АЗИД» (адиректор Адамыр Габуниа), «Ауаажәлар рыкрыфара аиҿкааразы иреиӷьу анаплакы» аноминациаҿы иалкаан ақьафурҭа «Ерцахә» (аиҳабы Ирина Заркәуа), «Иреиӷьу аҧсшьарҭа-туристтә обиект» аноминациаҿы иалкаан ЗҲӘА «ЛООДИ» (апансионат «Амзара» аиҳабы Лиудмила Лолуа, «Ақыҭанхамҩаҿы иреиӷьу анаплакы» аноминациаҿы иалкаан

ЗҲәА АВАИ-АГРО (адиректор Ибрагим Аҩӡба), «Ашықәсан зҽалызкааз анаплакы» аноминациаҿы аиааира агеит Аҟәатәи ахш зауад, уи адиректор Асҭан Арӡынба, «Иреиӷьу аҧсуа-аурыс бизнес» аноминациаҿы иалкаан Аилахәыра «Аҟәафон», уи адиректор Алхас Аргәын.

Иазгәаҭатәуп, афорум аҿы иқәгылоз аӡәырҩы лассы-лассы Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аӡбахә шырҳәоз, уи ахада Геннади Гагәлиа иҭабуп ҳәа иарҳәон аусеицура аиҿкааразы, урыстәылатәи аалыҵқәа аҧсуа хәаахәҭратә хырхарҭаҿы рӡыргаразы.

Афорум алахәцәа аӡәырҩы Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахылаҧшраҿы иҟан, урҭ рхыҧхьаӡараҿы: Ростов, Таганрог, Иваново, Липецк, Тҟәаҧс, Шәача ақалақьқәеи, Ачечен Республикеи, Аҩада Уаҧстәыла – Аланиа Ареспубликеи рыхәаахәҭра-ааглыхратә палатақәа.