Ажәабжьқәа

Аҳәаанырцәтәи ҳҩызцәа, хаҭала Ҭырқәтәылантәи, Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи аус рыцура иазҿлымҳахо иалагеит- Карасин. ИТАР-ТАСС

08.08.2012

Аҳәаанырцәтәи ҳҩызцәа, хаҭала Ҭырқәтәылантәи, Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи аус рыцура иазҿлымҳахо иалагеит. Абри атәы иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Григори Карасин ИТАР-ТАСС акорреспондент даниҿцәажәоз. «Урыстәыла ареспублика ҿыцқәа ахьазханаҵази, Қырҭтәыла аганахь ала урҭ иҿыцу арратә қәыларақәа рҽацәыхьчареи ирыбзоураны уахь инеуа иалагеит аинвесторцәа,- азгәеиҭеит адипломат.- Избанзар абизнес азы раҧхьа иргыланы аҭышәантәалареи ашәарҭадареи ыҟазароуп. Иаагозар, иахьа Аҧсны аус руеит еицырдыруа урыстәылатәи акомпаниақәа: Урыстәылатәи аихамҩақәа, Роснефть, абанк ВТБ. «Газпром» агазмҩангага Дзаурикау-Цхинвал аргылара аҧара рацәаны иаланаҵеит». «Егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟынтәи абизнес ареспубликақәа рҿы аинтерес аадырҧшуеит, ҿырҧшыгас иаагар ҳалшоит ҭыркәтәылатәи абизнес Аҧсны». «Аҟәеи Цхинвали рыдәныҟатәи аполитикаҿы ахырхарҭа хадақәа иреиуоуп аҳәаанырцәи дареи аимдара рыбжьаҵара, хаҭала ахәаахәҭра-ааглыхратә палатақәа русура, агәра сгоит қырттәылатәи адипломатиа уи иӷәӷәаны ишаҿагылоугьы ари ахырхарҭа алҵшәа бзиақәа шаанагало»,- иҳәеит иара. Москва иҟанаҵо адгылара дазааҭгыло Григори Карасин иргәалаиршәеит :«Урыстәыла Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи азханаҵеижьҭеи ҧшьышықәса рыҩнуҵҟа арҭ аҳәынҭқаррақәа имаҷымкәа афинанстәи аматерриалтәи цхыраара рзыҟаҵоуп».