Ажәабжьқәа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ААПи АБУ ААП Урыстәыла Азиндырра аминистрра иатәуи реиҧылара.

03.12.2012

Абҵара 16, 2012 шықәсазы, аусеицураз уи аҧхьа анапы зҵаҩыз апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палатеи Афедиралтә Биуџьеттә усбарҭа «Аҳәынҭқарратә Аҭаҩратә Палатаеи Урыстәыла Афедирациа Азиндырра Аминистрраҿы» рыбжьара аиҧылара мҩаҧган, аҧсуеи аурыси анапалакыҩцәа иманшәалоу аҭагылазаашьақәа рзаҧҵаразы.

Аҧсны Ахәаахәҭра –Ааглыхратә Палата аганахь ала аиԥылара ихы алаирхәит Аҧсны Аҳәынҭқарра ААП Ахада ихаҭыҧуаҩ Ӷәанџьиа М.Х.

Урыстәыла Азиндыррааминистрраҿы Афедирациатә Биуџьеттә усбарҭа аделегациа иалахәын: ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ В.С. Воробьев, аккредитациеи авизеи Рдепартамент адиректор ихаҭыҧуаҩ В.Ф. Киреленко.

Аганқәа ирылацәажәеит азҿлымҳара змоу азҵаарақәа жәпаки уи аҧхьа аусеицураз рнапқәа зҵарҩыз апрограмма аҧхьаҟатәи аусеицура амҩаҧгаразы аплан.