Ажәабжьқәа

Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟ Дамаск имҩаҧысуа жәларбжьаратәи ацәыргақәҵаҟны ишьҭыхуп

18.08.2017

Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи, Аекномика аминистр Адгәыр Арӡынбеи Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Геннади Гагәлиеи рыла ишьақәгылоу аҧсуа делегациа алахәуп 59-тәи Дамасктәи жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа.

Ари ахҭыс алыршахеит Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата анапхгареи ацәыргақәҵа аиҿкааҩцәеи акыраамҭатәи реиҿцәажәарақәа ирыбзоураны. Урҭ аиҿцәажәарақәа ирылҵшәахеит Шьамтәыла аекспортиорцәа рхеилак ахьӡала зыӡбахә ҳәоу ацәыргақәҵахь Аҧсны ааҧхьара ахьазаарышьҭыз. Иазгәаҭатәуп, уи ахеилаки Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра шрыбжьарҵахьаз 2014 шықәсазы.

Нанҳәамза 17 рзы ацәыргақәҵа ааиртит Шьамтәыла аҧыза-министр Имад Хамис. Иахьа уажәраанӡагьы ари атәылаҿы аибашьра шеилымгацгьы, сынтәа иӡбан аҵыхәтәантәи хәы-шықәса раахыс ирзымҩаҧымгацкәа иҟаз ари ацәыргақәҵа жәларбжьаратәи аҩаӡара аҭаны амҩаҧгара. Аиҿкааҩцәа изларыҧхьаӡо ала, уи иаанарҧшыроуп Шьамтәыла аҭынч ҧсҭазаара аагарахь ирымоу агәазыҳәареи, егьырҭ атәылақәеи дареи рыбжьара ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа рырҿиара аҭахреи.

Ацәыргақәҵа иалахәуп 27 тәыла: Аҧсны, Ермантәыла, Белоруссиа, Бразилиа, Венесуела, Индиа, Индонезиа, Ирак, Иран, Китаи, Куба, Ливан, Палестина, Урыстәыла, Судан, Чехиа, Алада-Африкатәи Ареспублика уҳәа убас егьырҭгьы.

Аҧсуа павильон аҟны ицәыргоуп ҳмилаҭ атрадициақәеи акультуреи ртәы зҳәо, убасгьы ҳқыҭанхамҩеи ҳаҧсшьарҭақәеи ртәы аазырҧшуа аматериалқәа.

Ҳааглыхыҩцәа рнапы иҵыҵыуа афатә-ажәтә даара аинтерес ду цәырнагоит ацәыргақәҵа аҭааҩцәа рыҩныҵҟа, еиҳаракгьы аҧсуа ҩқәа. Акырӡа ирызҿлымҳауп Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата хықәкыла ари ацәыргақәҵазы иазнархиаз, Аҧсны аӡбахә инарҭбааны изҳәо, араб бызшәала иҟоу абуклетқәа.

Аҧсуа делегациа иалахәуп иара убас Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада ихаҭыҧуаҩ Тамила Мерцхәлааҧҳа, ААП Адәныҟатәи аимадарақәеи аинвестициақәеи рыҟәша аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Кама Ҵәыџьҧҳа, иара убас уи аҟәша аспециалист Али-Татаж Мухаммад.

Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа аус аулоит нанҳәамза 22 рҟынӡа.