Ажәабжьқәа

«Аҧсны Аҳәынҭқарра ачаӡыҩцәа ргильдиа» еиҿкаауп

19.12.2013

Ҧхынҷкәын 19, асасааирҭа «Атриум-Викториа» аконференц-зал аҿы имҩаҧысит «Аҧсны Аҳәынҭқарра ачаӡыҩцәа ргильдиа» аилатәара. Аилатәараҿы иалацәажәан еиуеиҧшым азҵаарақәа рзеиҧш мазаратә зҿлымҳарақәа рцәыргареи рыхьчареи, рымчқәа аидкылара Аҧсны Аҳәынҭқарра ачаӡратә ҟәша арҿиара аганахь ала, аинвестициатә климат аиӷьтәра, атехнологиа ҿыцқәа раларҵәара уҳәа убас егьырҭгьы. Аилатәара ааиртит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата ахада ихаҭыҧуаҩ Лышәба А.Н.

«Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата хықәкыс иамоуп анапалакыҩцәа русураҿы ацхыраара рыҭара. Ҳара ҳусура аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳара ҳазҿлымҳауп арҭ рҩызцәа аидгылақәа реиҿкаара, аҟәша аус аиӷьтәразы. Ари аҩыза аидгылақәа аҭахуп азеиҧш зҵаарақәа рыӡбареи раҭырҟәҟәареи рзы"- иҳәеит Лышәба А.Н.

Аҧылара ҩ-сааҭк инарзынаҧшуа имҩаҧысуан. Иалацәажәан еиҳа азҿлымҳара змоу азҵаарақәа. Анаҩс Лышәба А.Н. ирыдигалеит ари аидгыла ахантәаҩыс лалхразы ачаӡырҭа «Ахьтәы чарыц» адиректор Чантуриа Н.З. лкандидатура.