Ажәабжьқәа

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ақ. Ставрополь имҩаҧысуа Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа «Агроуниверсал 2016» иалахәуп

30.03.2016

Ставропольтәи атәылаҿацә Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ааҧхьарала АА ААП Ахада актәи ихаҭыҧуаҩ  Лышәба Адгәыр напхгара зиҭо Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аделегациа Ставрополь имҩаҧысуа жәларбжьаратәи ақыҭанхамҩатә  цәыргақәҵа «Агроуниверсал 2016» иалахәуп. Ацәыргақәҵа иалахәуп 170 инареиҳаны аҳәаанырцәтәи аҭыжьыҩцәа. Аҧсуа кәакь азҿлымҳара ду амоуп.  Ицәыргоуп аҭыҧантәи аҭыжьыҩцәа раалыҵ.

Ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгахоит аконференциақәа, аишәа гьежьқәа, асеминарқәа. Ацәыргақәҵа мшаҧы 1 нӡа имҩаҧыслоит.