Ажәабжьқәа

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата аделегациа Аҧсны аинвестициатәи аекономикатәи лшарақәа рцәыргара маншәаланы имҩаҧнагеит

11.07.2014

Гагәылиа Геннади хадара ззиуаз Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата аделигациа Берлин аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧган Аҧсны аекономикатәи аинвестивиатәи лшарақәа ршәыргара. Ари аусмҩаҧгатә амҩаҧгараҿы адгылара ҟарҵеит Урыстәыла Германиа ахәҳаахәҭратә хаҭарнак Андреи Зверев, Германиа Аҧсны ахаҭарнак Хьымла Амҷҧҳа, Германиа аҧсуа диаспора ахаҭарнак Виолетта Аҩӡыҧҳа.

Ацәыргара иаҭааит анемец компаниа дуқәа рхаҭарнакцәа, Германиа аустә еидгылақәеи аусбарҭақәеи, Гемраниа аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа, аҭҵаарадырреи акультуреи ахаҭарнакцәа.

Ари аусмҩаҧгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны Германиа анапалакыҩцәа азҿлымҳара аадырҧшит аҧсуа аалыыҵ уахь аекспорт азуразы.

«Аҧсны иамоуп аекономика арҿиареи адунеи зегьы ахәҳаахәҭратә еимадарақәа рыбжьаҵарази алшарақәа. Арҭ реиҧш иҟок аусмҩаҧгатәқәа аҵак ду амоуп аинвесторцәа Аҧсны адыҧхьаларазы», - аиҿцәажәараҿ иҳәеит Германиа Урыстәыла ахәҳаахәҭратә хаҭарнак.

Ацәыргақәҵа аус аулоит ҩымчыбжь.