Ажәабжьқәа

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-Ааглыхратә палата имҩаҧнагеит раҧхьаӡа акәны Ареспубликатә еицлабра “Аҧсны иреиҕьу ачысҟаҵаҩ – 2013”

07.05.2013

Лаҵара 3 асааҭ 16:00 рзы аресторан “Ерцахә”Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-Ааглыхратә палата имҩаҧнагеит раҧхьаӡа акәны  Ареспубликатә еицлабра “Аҧсны иреиҕьу ачысҟаҵаҩ – 2013”. Аҧсны ачысҟаҵаҩцәа атәыла еиуеиҧшым акәакьқәа рҟынтә, асысцәа ирыдыргалеит иреиҕьу рыҟаҵамҭақәа.

Аицлабра ахақәкы хадақәа:

-алахәылацәа рҟынтә иреиҕьу ачысҟаҵаҩ иалхра,

- ачысҟаҵаҩцәа рзанааҭ ҩаӡара аизырҳара,

- рзанааҭ ахь азҿлымҳара аизырҳара,

- адыррақәа реимдара,

- азанааҭдырыҩцәа ҿарацәа рааӡара,

 Ажиури алахәылацәа рыбжьыҭира амҩаҧгарала иалхын иаиааиз. Ажиури иалахәын АА ААП Ахада- Гагәылиа Г.Л., ақ.Аҟәа Ахада ихаҭыҧуаҩ Черкезиа В.В., “Ерцахә” адиректор- Заркуа И.Р., “Леди Босс” ажурнал аредактор хада- Гзымба И.С., Акаба Н.Н.(Ауаажәларратә палата), Атехнолог, арҵаҩы

Аԥсуа акулинартә ҵараиурҭа- Н.А.Чачава, Аҟәа ақ. Асанитартә ҳақьым хада- Белиаева  А.И. «»Иреиӷьу ахаачыс»  ахьӡҳәараҿы иаиааит ачысҟаҵарҭа «Бисквит». «Иреиӷьу аторт» ҟарҵеит ачысҟаҵарҭа «В шоколаде». «Иреиӷьу Амрагыларатәи ачыс» ахьӡҳәараҿы иаиааит «Амрагыларатәи ачыс». Иреиӷьу акәаҳа» ҟарҵеит Гагра акаҳуажәырҭа «Мон-кафе» аҟынтә ачысҟаҵаҩцәа. Иара убас ахәаҧшцә рыбзиабара иаҧсахеит Гәдоуҭантәи иааз «Бисквитныи двор» , аиааира ранашьан ачысҟаҵаҩцәа «Бисквит».

Амшаҧы ааигәахара инадҳәаланы, аресторан ашҭаҿы еиҿкаан ачысхаақәа рцәыргақәҵа, «Аҧсуа чаи» ҭыжьҩы асасцәа ирыдигалеит иаалыҵ агьамабара.

Ари ахәылҧаз аҿы зегь реиҳа ихадоу хҭысны иҟалеит ачыҟаҵара знапы алаку анаплаҩыҩцәа рзанааҭтә уаажәларратә еилакы аҧҵара. Аҧсны Аҳәынҭқарра ачысҟаҵаҩцәа Ргильдиа.

Ачысҟаҵаҩцәа Ргильдиа аҧҵара хықәкыс иамоуп афатә индустиа арҿиара, абизнес аизырҳара, афатә индустриа азҿлымҳарақәа ацәыргареи рыхьчареи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы.

Аусмҩаҧгатә хыркәшан концертла имҩаҧгаз аресторан «Ерцахә».

Аусмҩаҧгатә аиҿкаареи аҳамҭақәа ирызкыз ахарџьи ахахьы иагеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата.

Аицлабра иалахәыыз ашәҭқәа рылҭеит Гәнба Асида Харазовна, «Мастерская букетов». Асцена лырҧшӡеит ҧлиа Нара Шамил-иҧҳа, «Арт-Дизаин» астудиа. Арыжәтәқәа- ЗҲәА Ауарашршырҭатә зауад адиректор хада Ануа А.Г.

Алахәылацәа ахьӡынҵа.

  1. Хопшух Езкан Џьанат-иҧа –ИП «Восточные сладости», ақ. Аҟәа.
  2. Лозенко Дарьиа Николаи-иҧҳа, Бисквитный двор», ақ. Гәдоуҭа.
  3. Шониа Лела Шакро-иҧҳа, ачысҟаҵарҭа «Безе», ақ. Аҟәа.
  4. Мархолиа Агнесса Шаур-иҧҳа, адәқьан «Раида» ақ. Аҟәа.
  5. Калаиџьан Кегец, Аҩӡба Асҭанда, Аҧсуа хкырацәаратә коллеџь, ақ. Аҟәа.
  6. Кучеренко Д., Вичвар Е., Романихин Е., ачысҟаҵарҭа «Дольче Вита», ақ. Аҟәа.
  7. Хварцкиа Анастасиа Александ-иҧа, аресторан «Белый парус», ақ. Аҟәа.
  8. Ҳаџьымба Марина Федор-иҧҳа, акаҳуажәырҭа «Ацхаршәы», ақ. Аҟәа.
  9. Абыџьба Лиана Виктор-иҧҳа, Гунба Асида Хараз-иҧҳа, МОН-КАФЕ, ақ. Гагра.
  10. Серебриакова Римма Александровна, «В шоколаде», ақ. Аҟәа.
  11. Егназариан Лиана Сумбат-иҧҳа, ачысҟаҵарҭа «Буше», ақ.Аҟәа.
  12. Акаҳуажәырҭа-ачысҟаҵарҭа «Бисквит», ақ. Аҟәа.