Ажәабжьқәа

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата жәларбжьаратәи ацәыргақзәҵақәа рылахәра аихшьаалақәа рзы апоресс-конференциа

29.01.2015

Ажьырныҳәа 28, асасааирҭа «Атриум Викториа» аконференц-зал аҿы имҩаҧган Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Ахада Гагәылиа Геннади, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусуаҩ Лазба Амина, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аусуаҩцәа злахәыз апресс-конференциа.

Апресс-конференциа мҩаҧган Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата жәларбжьаратәи ацәыргақәҵақәа Берлин имҩаԥысыз «Амчыбжь иаҵәеи», Стамбул имҩаҧысыз «Emitt Istanbul» рылахәра алҵәшәақәа рыла. Ацәыргақәҵа алахәылацәа инарҭбаан еиҭарҳәеит ацәыргақәҵа амҩаҧысшьа аҭоурых.

Геннади Гагәылиа иажәақәа рыла, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата имҩаҧнагаз аусқәеи аилацәажәарақәеи шмаҷмыз аҵәыргақәҵақәа рҽалархәразы.

Иара убас иазгәаиҭеит, Берлини Стамбули ацәыргақәҵақәа Аҧсны ахьалахәыз ақырҭуа делегациа ишаҭахымыз, иалшоз зегьы шыҟанаҵоз, ҳар ҳделегациа ацәыргақәҵа аламырхәразы.

Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусуаҩ Амина Лазба иазгәалҭеит, ас еиҧш иҟоу ацәыргақәҵақәа Аҧсны алахәзаара аҵак ду шамоу Аҧсны жәларбжьаратәи азхаҵара амҩаҿы.

Геннади Гагәылиа иаҵишьит, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата ҳаҧхьаҟагьы Аҧсны ӡырызгало жәларбжьаратәи ацәыргақәҵақәа рҿы аҽалархәра ргәы ишҭо.