Ажәабжьқәа

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-Ааглыхратә Палатаеи «Абизнес Адгылара Агентреи» рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра бжьаҵоуп

10.12.2014

Ҧхынҷкәын 9, 2014 шықәсазы ихнаркәшеит Аурыс-аҧсуа цәыргақәҵа-џьармыкьа.

Ацәыргақәҵа иалҵшәаны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палатеи аурыс Автономтә икоммерциатәым аиҿкаара «Абизнес адгыларазы агенрреи» рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын.

Аиҿкааратә комитет ацәыргақәҵа-џьармыкьа алахәылацәа зегбы адипломқәа ранаршьеит.

Ацәыргақәҵа иаҿкааҩцәа ари аусмҩаҧгатә традициа имҩаҧысуа иҟаларц рыӡбеит.