Ажәабжьқәа

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата Аҧсны Аҳәынҭқарра ақалақьқәеи ақыҭақәеи реимадара арӷәӷәоит

18.04.2014

2014 шықәсазтәи аусуратә план инақәыршәаны Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата Аҳәынҭқарра ақалақьқәеи ақыҭақәеи реимадара арӷәӷәара иаҿуп. Ишаҧымза 18, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата аделегациа Гәылрыҧшь араион аҿы араион Ахадеи араион анапалакыҩцәеи рҧылара еиҿнакааит.

Аиҧылара иалахәын: Гәылрыҧшь араион Ахадара Ахада Аршба Беслан, АА ААП Ахада ихаҭыҧуаҩ Лышәба А.Н., АА ААП акомитет ахантәаҩы – аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдокто Шьалашьаа Заур, акомитет ахантәаҩы Шат-иҧа Хатуна, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩы Мерцхәлаа  Илона.

Анапхгараҭара аиҳабацәа Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата аусуреи амаҵзурақәеи ирызкны ажәахәқәа ирыпҳьеит.

Аиҧылараҿы Гәылрыҧшь араион анапалакра арҿиаразы актуалтә зҵаарақәа ирылацәажәан. Аиҧылара иахьатәи ааглыхратәи, ахәҳаахәҭратәи, ақыҭанхамҩатә проблемақәа ралкаара рықәкыс иаман.

Иара убас иалацәажәанА Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палатеи Гәылрыҧшьараиони аусеицуразы аиқәшаҳаҭра апроект, анаҩс иара анапаҵаҩразы.

Ишәгәалаҳаршәоит, уи аҧхь ари аҩыза аиҧыларақәа еиҿкаан Гәдоуҭатәи, Очамчыратәи, Тҟәарчалтәи, Галтәи араионқәа рҿы, урҭ аиҧыларақәа алҵшәа бзиа аадырҧшуеит. Иазҧхьагәаҭаны иҟоуп Аҳәынҭқарра егьырҭ араионқәагьы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата аделигациа рҭаара.