Ажәабжьқәа

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ дрыцны аофициалтә ввизитла иҟоуп Тунис

20.12.2013

АА ААП ахада Гагәылиа Геннади Леонид-иҧа хадара ззиуа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата аделегациа Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Страничкин Александр Виктор-иҧа дрыцны аофициалтә ааҧхьара ала Тунисҟа ицеит, уаҟа иазгәаҭаны иҟоуп аусмҩаҧгатәқәа жәпакы. Раҧхьатәи хҭысны иҟалеит Аҧсны ахаҭарнакцәа атехникатә усеицура Тунистәи Агентра ахадара- Адиректор хада Ельборни Сальхи апрограмма ҟаҵареи апроект ҟаҵареи рдиректор Нурредин Бкирроми реиҧылара.

АУТА адиректор хада еиҭеиҳәеит иахьатәи Тунис аекономика аҭагылазаашьа, иазгәеиҭеит атәыла иаҳа иҿианы иҟоу аекономика ахырхарҭақәа. Иазгәеиҭеит Аҧсныи Туниси аҩ-ганктәи адырраҭаратә атехникатә, аутә еимадарақәа рҵакы.

Иара ихәҭаахь ала, Гагылиа Геннади, адкыларазы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, иазгәеиҭеит дшазыхиоу азҵаарақәа зегьы рыла аусеицура, Аҧсны Аҳәынҭқарра аинвестициатә зҿлымҳара иамоу атәы еиҭеиҳәеит.

Аҧсны Аҳәынҭқарра аекономикатә ҭагылазаашьа иаҳа инарҵауланы иеиҭеиҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр Страничкин Александр.

Аилацәажәара иалҵшәаны аганқәа иалыркааит раҧхьатәи аусеицура алшарақәа: амедицинатә туризи, еицырдыруа иҟоу Тунис, атауарқәа дара рыдгьылҵакыраҿ иаарыху реимадара.

Еиҳарак Тунис ахаҭарнакцәа алҿлымҳахеит Амилаҭтә Аеропорт «Бабушьара» аартреи, Аҧсны аҧсабаратә беиареи рызҵарақәа.