Ажәабжьқәа

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата ахада Гагәылиа Г.Л. Ҭырқәтәылатәи анапалакыҩцәа идикылеит

20.01.2014

Иахьа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата ахада иааҧхьара ала имҩаҧган Ҭырқәтәылатәи анапалакыҩцәа рҧылара. Аиҧылараҿы иалацәажәан Аҧсны анапалакратә усура амҩаҧгара аперспективақәеи анапалакратә усура амҩаҧгареи ирызкыз азҵаарақәа. Ичналкааны иазааҭгылеит анаҩстәи азҵаакрақәа: аҧсуеи аҭырқәуа напалакыҩцәеи наҟ-ааҟ еицырзыфеидоу аусеицуреи, аустә еимадарақәа рырҿиареи реиҵыхреи, аҭырқәуа инвестициақәа Аҧсны адыҧхьалара, азинқәа ахьчареи аҭырқәуеи аҧсуеи напалакыҩцәа изакәантәу рызҿлымҳарақәа аофициалтәи акоммерциатәи еиҿкаарақәа раҧхьа рыхьчара.

«Иахьатәи амш аза, Ҭырқәтәылеи Аҧсныи рекономисатә еизыҟазаашьақәа аҿиара мҩа иануп. Ҳаҧхьаҟагьы ҳара иҳалшо дзегьы ҟаҳҵалароуп ари аҩыза аизыҟазаашьа бзиақза трырҿиаразы», - иазгәеиҭеит ицәажәараҿы АА ААП Ахада Гагәылиа Геннади Леонид-иҧа.

Аиҧылара ахыркәшаразы асасцәа ирыҭан Аҧсны аинвестициатә зҿлымҳара иамоу иазку ашәҟәҷыдақәеи, аҳамҭаҷқәеи.