Ажәабжьқәа

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата алахәылацәа рзеиҧш еизара мҩаҧысит

30.03.2014

Хәажәкыра 28, асасааирҭа Атриум-Викториа аконференц-зал аҿы имҩаҧган Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата алахәылацәа инеиҵыху реилатәара мҩаҧган.

Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата алахәылацәеи анапалакыҩцәеи рыдагьы аилатәара иалахәын Аҧсны Аҧыза аминистр ихаҭыҧуаҩ Александр Страничкин, Аҧсны Аҳәынҭқарра аекономика амистр Давид Ирадиан, адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Иракли Хынҭәба, Аҧсны Жәлар Реизара адепутат Георги Агрба, ақалақьқәа араионқәеи рхадара.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата хә-шықәсатәи аусура аҳасабрба азыҟаҵо ажәахә иманы дықәгылеит Анаҧхгара ахаҭыҧуаҩ Лышәба Адгәыр.

Иахьатәи амш азы Аҧсны аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата 76 ауеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵахьеит. Урҭ иреиуоуп Урыстәыла Афедирациа Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палатеи, Урыстәыла адгьылҵакыратә палатақәеи, Украина апалатақәа, Аахыҵ Уаҧстәылеи Приднестровиеи Рхәҳаахәҭра-ааглыхратә палатақәа, Иорданиеи, Чили, Гонконг, Аҩадатәи Кипр, Тунис уҳәа убас егьырҭгьы Рхәҳаахәҭра-ааглыхратә палатеи.

Аизараҿы иара убас иқәгылеит Пицунда ақалақь ахадара ахара Аслан Арӡынба, Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата анапалакратә комитет ахантәаҩы Заур Шьалашьаа, Аргылаҩцәа ргильдиа ахантәаюы Леуан Миқаа, ашьхымза ааӡаҩцәа рассациациа ахантәаҩы Даур Тугуш, анапалакҩы Даур Ермолов уҳәа аӡәырҩы.