Ажәабжьқәа

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата анапалакратә усура арҿиаразы акомитет аилатәара мҩаҧган

06.12.2013

Ҧхынҷкәын 6 Гәдоуҭа ақалақь Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата  анапалакратә усура арҿиаразы акомитет аилатәара мҩаҧган.

Аилатәара мҩаҧган аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Шьалашьаа Заур Иван-иҧа ихантәаҩрала.

Аилатәара рхы аладырхәит ақыҭақәа рхадареи гәдоуҭа араион анапалакқәа рнапхгаҩцәеи.

Аилатәараҿы иара убас рхы аладырхәит: Агро-ааглыхтә комплекс арҿиаразы акомитет ахантәаҩы Шат-иҧа Хатуна Акакь-иҧха, ААУ арҵаҩы Мерцхәлаа Илона Валери-иҧҳа, ААУ алектор Дбар Диана, ААП алахәылацәеи анапалакыҩцәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рзы анапхгараҭара аиҳабы Зекир-Оглы Кира Аслан-иҧҳа, асертификациеи аусуратә дырраҭареи, анапалакреи рнапхгараҭара азанааҭдырҩы Лакоиа А.А.