Ажәабжьқәа

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палатаҿ имҩаҧган италиатәи аустә еизазаара ахаҭарнакцәа рҧылара

04.07.2014

Ҧхынгәы 4 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палатаҿ имҩаҧган Ахада Гагәылиа Геннади Италиа ахаҭарнакцәа рҧылара.Аиҧылара иалахәын: Франческо Ло Иудиче, «Бомоко» афирма ахадеи италиатәи анапалакҩы Енрико Делипери. Асасцәа мҩаҧигон Италиа иҟоу Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа ахаҭарнак Мауро Мурџиеи Адшныҟатә аусқәа рминистрра аусуаҩ Ҭаниа Кани.

Аиҧылараҿы иалацәажәан Аҧсныи Италиеи абизнес еимадарақәа  рырӷәӷәареи реизырҳареи. Иалацәажәан иара убас, Аҧсны италиатәи афирмақәа раартреи Аҧсны атранзиттә еиагагак аҳасаб ала ахархәареи. Аганқәа еиқәшаҳаҭхеит «Workshop» амҩаҧгара.

Иазгәаҭаны иҟоуп аимадаразы ақәшаҳаҭра рыбжьаҵара Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палатеи Италиа абизнес ахаҭарнакцәеи рыбжьара.