Ажәабжьқәа

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә Палата ишәыдырныҳәалоит 2014-тәи Ашықәс ҿыц

26.12.2013

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар гәык-ҧсык ала ишәыдаҳныҳәалоит 2014-тәи Ашықәс ҿыц.

Ҳара ҳазҭысыз 2013 шықәса даара ибеиан ахҭысқәа рыла. Урҭ ҳҭоурых иазынхоит.

Иахьа Аҧсны атәылақәа жәпакы рганахь ала иазхаҵоу ихьыҧшым ҳәынҭқарроуп. Ҳара  ҳақәгәыӷуеит ҳазҭалоу Ашықәс ҿыц ҳаҧсадгьыли ҳауаажәлари зыргәырӷьо аҭоурыхтә хҭысқәа рыла игәылҭәаахап ҳәа.

Ауаҩы Ашықәс ҿыц иадиҳәалоит зегь реиҳа дыззыҧшу игәазыҳәарақәа. Убри инамаданы, ҳара ишәгеиӷьаҳшьоит ҳазҭало Ашықәс ҿыц азы урҭ шәгәазыҳәарақәа наӡаразы, ҭаацәала аманшәалареи, агәабзиареи, аиҵыҵреи, аҵара зҵоуи аус зуеит шәнапы злаку аус аҿы ақәҿиара дуқәа, аихьӡарақәа.

Ҽааныбзиала шәнеиааит!