Ажәабжьқәа

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата зыгәрагоу аусеицуҩцәа рышәҟәынҵа амҩаԥгара иалагеит

16.04.2014

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан шьаҭас иныҟаҵаны, иара иазгәанаҭо Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата анаплакқәеи анапалакыҩцәеи зфинанстәи зекономикатәи ҭгылазаашьа шаҳаҭра зуа атәыла анҭыҵи аҩныҵҟеи игәрагоу аусеицуҩцәоуп ҳәа зызҳәо иҳәынҭқарратәым Ашәҟәынҵа амҩаԥгара. АА ААП иалагеит 2014 шықсазтәи игәрагоу аусеицуҩцәа Рышәҟәынҵа аиқәыршәара. Иара иалалаз раԥхьатәи анаплакқәа АА ААП алахәылацәа роуп- ЗҲәА «Каскад-М»,  ЗҲәА «Премиум», ЗҲәА «Супермаркет «Сухум». АА ААП аусуаҩцәа хыхь зыӡбахә ҳәоу анаплакқәа ирҭааит дара зыгәрагоу аусецуҩцәа рышәҟәынҵа ишҭагало ала аршаҳаҭга рыҭаразы.