Ажәабжьқәа

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палатеи Москва ақалақь Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палатеи аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

15.11.2013

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палатеи Москва ақалақь Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палатеи аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит Аҟәа аустә форум “Урыстәыла-Аҧсны 2008-2013” аҿы.

“Иахьатәи ҳаиқәшаҳаҭра  иазгәанаҭоит ҳара ҳаимадара азин”, азгзаиҭеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата ахада Гагәылиа Г.Л.  Иара иажәақәа рыла , уи аҧхьа Москватәи ҳколлегацәа џьара наплакык азы аинформациа ҳаҭара мап ацәнакуазҭгьы уашьҭа аикәшаҳаҭра уи шьаҭанкыла иаҧсахуеит. “Уашьҭа аустә миссиақәа Москвантәи Аҟәа иаалар, ма Аҟәантәи Москва ицалар аимадарақәа дырҭбаалар алшоит” иазгәеиҭеит аиҿцәажәаҩ.

“Иазхьарнахыс дарбан инвесторзаалак Аҧсныҟа даанӡа, инҭҭәаау аинформациа иоур илшоит Аҳәынҭқарратә усбврҭақәа рыдагьы, ААП аҿгьы, уи ихәоит иара аусура далагаанӡа” – иҳәеит Гагәылиа.

Иара иргәалаиршәеит октиабрь азы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палатеи Санкт-Петирбергтәи Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палатеи аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра шрыбжьаҵаз.