Ажәабжьқәа

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палатеи Санкт-Питербургктәи Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палатеи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

07.10.2013

Цәыббра 28, асааҭ 13:00 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палатеи Санкт-Питербургктәи Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палатеи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩра мҩаҧысит. Ари аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩра ацхыраа анаҭоит аекономикатәи, ахәҳахәҭратәи, аҭҵааратә-техникатәи еизыҟазаашьа анапалакыҩцәеи, аиҿкаарақәеи, афирмақәеи анапалаекыҩцәеи Аҧсни Санкт-Питербургтәи рырҿиара.

Аиҧылараҿы иалахәын: АА ААП ахада Гагәылиа Г.Л., Санкт-Питербургтәи ААП ахада Катенев В.И., ахада актәи ихаҭыҧуаҩ  Лышәба А.Н., ахада ихаҭыҧуаҩ Ӷ әанџьиа М.Х., АА ААП болгариа ахаҭарнак Маршьан О.М., АА ААП аусуаҩцәа.

«Ҳара ахә даар аиҳаракны иаҳшьоит ари аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩра, избан акәзар Санкт-Питербургтәи ахәҳахәҭра-ааглыхратәш палата иреиҳаӡоу Урыстәыла апалатакәа иреиуоуп» азгәеиҭеит АА ААП ахада Гагәылиа Г.Л.

Санкт-питербургтәи ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата  ахада Катенев Владимир Иван-иҧа иазгәеиҭеит «Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, иҭабуп ааҧхьаразы. Сақәгәыӷуеит иааигәаны шәара шәгангты аҭактә визитла шәаҳҭаап ҳәа».

Аганқәа иалацәажәеит аҧхьаҟатәи аусеицураз еицырзыфеидору апланқәа. Аиҧылара ахыркәшаразы аганқәа аҳамҭақәа еимырдеит.