Ажәабжьқәа

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палатеи «Урыстәыла Афедирациа азиндырра Аминистрра аҿы Аҳәынҭқарратә шәҟәҭагаларатә палата» Афедиралтә биџьеттә еиҿкаареи реиҧылара мҩаҧган

13.04.2014

Мшаҧы 14, 2014 шықәса рзы аусеицураз аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палатаҿ Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палатеи «Урыстәыла Афедирациа азиндырра Аминистрра аҿы Аҳәынҭқарратә шәҟәҭагаларатә палата» Афедиралтә биџьеттә еиҿкаареи реиҧылара мҩаҧган. Аиҧылара аиалахәын АА ААП Ӷәанџьиа М.Х.

Аиҧылараҿ уи аҧхьа знапы аҵаҩыз аусеицураз апрограммеи аҧхьаҟатәи аусеицура еиҳа алҵшәа аиуратә аҟаҵареи, еиҳарак Урыстәыла Афедирациеи Аҧсны Аҳәынҭқарреи рыдгьылҵакыраҿ аҧсуи аурыс напалакыҩцәа имҩаҧырго аусураҿ ацхыраара рыҭараз.

Аиҧылара ахыркәшараан аганқәа аҳамҭақәа еимырдеит. Аҧхьаҟатәи русеицура алҵшәақәа рацәахапҳәа агәаанагара рымоуп.