Ажәабжьқәа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра аазхаҵара 5-шықәса ахыҵра аныҳәа

03.09.2013

Нанҳәа 26, Аҧсны иқәынхо ажәлар иазгәарҭон Аҧсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаҧстәылеи рхьыҧшымра азхаҵара 5-шықәса ахыҵра азгәарҭон. Ҽнак уи аҧхьа, нанҳәа 25 рзы, ҽнактәи аусуратә визитла Аҧсны даҭааит Урыстәыла Афедерациа ахада ВладимирПутин, Александр Анқәаби Владтмир Путини реиҧылара мҩаҧысит Пицунда ақалақь. Нанҳәа 26 Аҧсны  ныҳәатә ҧсшьаратә мшны ирылаҳәоуп.

Нанҳәа 8, 2008 шықәсазы Қырҭтәычлеи ААхыҵ Уаҧстәылеи рыбжьара аибашьратә еиҿагылара мҩаҧысуан. Уи ашьҭахь лассы ари аиҿагылара рҽаладырхәит Урыстәыла. Аибашьратә еиҿагылара хәы-мыш имҩаҧысуан, уи ашьҭахь Урыстәыла иҟанаҵеит аҳәамҭа Қырҭтәыла аҭынчрахь ихьарҳәуп ҳәа, нанҳәа 26 Урыстәыла Афедирациа ахада инапы аҵаиҩит ақәҵара Аҧсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаҧстәылеи рхьыҧшымра азхаҵаразы.

Ашьыжьымҭан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаҵан Аҧсны Ахадацәа Владислав Арӡынбеи Сергеи Багаҧшьи ршышәынҭрақәа рҿы. Амш аҩбатәи азыбжазы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаҵан Ахьӡи Аҧшеи рпарк аҿы.

Асааҭ 18:00 рза Аҳәынҭқарратә Филармониаҿ иалагеит агәырӷьаратә еилатәара, уаҟа иалахәын Аҧсны Аҳәынҭқарра ахадара, Урыстәылеи Аахыҵ Уаҧстәылеи рделегациақәа, аибашьра аветиранцәа.