Ажәабжьқәа

Аԥсны Аҳәынҭқарра анапалакратә усура арҿиареи аиҿкаареи азҵаарақәа рзы ААП Акомитет раԥхьатәи инеиҵыху аилатәара

15.05.2013

Лаҵара мза 7, отель Атриум-Викториа аконференц-зал аҿы имҩаԥган Аԥсны Аҳәынҭқарра анапалакратә усура арҿиареи аиҿкаареи азҵаарақәа рзы ААП Акомитет раԥхьатәи инеиҵыху аилатәара.

Иалацәажәан Аԥсны анапалакратә усураҿ амҩаԥгараҿ еиҳарак иарту ауадаҩрақәа зцу азҵаатәқәа.

Иалахәын:

-аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААУ аҳәынҭқарратә напхгараҭареи аменеджменти ркафедра аиҳабы – акомитет ахантәаҩы Шьалашьаа Заур Иван-иԥа;

-аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ААУ аҳасабеилыргара аҳасаббареи аудити ркафедра адоцент, ЗҲәА «Консаудит» ахада – Кәыҵниа Марина Гьаргь-иԥҳа;

-абанктә сектор арҿиара азы аусуратә гәыԥ ахантәаҩы, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркондидат, ААУ афинансқәеи акредити ркафедра адоцент – Озган Ева Константин – иԥҳа;

-ААУ аҳәынҭқарратә напхгараҭареи аменеджменти ркафедра арҵаҩы- Багба Алхас Нугзар-иԥа;

-атехникатәи аекономикатәи ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААУ аҳәынҭқарратә напхгараҭареи аменеджменти ркафедра апрофессор – Багрецов Сергеи Алексеи-иԥа;

-ЗҲәА «Талисман» ахада-Галкин Александр Владимир-иԥа;

-Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аекономист- Арстаа Ахра Шота-иԥа;

-ААУ афинансқәа ркафедра арҵаҩы – Дбар Диана Шамил-иԥҳа.