Ажәабжьқәа

Аҧсны Аҳәынҭқарра аофициалтә аҭактә визитла иаҭааит китаитәи аделегациа

03.09.2013

Нанҳәа 13, 2013 шықәсазы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палатаҿ имҩаҧган Ли Джиан Хуа хара ззиуаз китаитәи абизнес ахаҭарнакцәа рҧылара. Аделегациа идигылеит ААП ахада Гагәылиа Г.Л., иара ҭабуп ҳәан раиҳәеит Аҧсны аделигациа Пекин рыҟазараан адкылара бзиа ирырҭаз азы. Адкылараан ААП ахада Гагәылиа Г.Л. иазгәеиҭеит «Китаи- аҭоурых беиа змоу тәыла дууп» ҳәа, иара убас «китаитәи атехнологиа дуӡӡа аихьӡарақәа Аҧсны адгьылҵакыраҿ ахархәара рыҭазарҵ». Аиҧылараҿ рхы аладырхәит АА аҧыза министр ихаҭыҧуаҩ Александр Страничкин, әларбжьаратәи Афырхацәа Рфонд ахадара ахантәаҩы Борис Овчинников, Аҧсны Аҳәынҭқарртә комитет адырраҭареи аӡәыргареи рыҟәша аиҳабы Адамыр Мықәба.

Ари авизир хықәкыс иаман Китаи Аҧсны Аҳәынҭқарреи аекономикатәи акультуратәи еимадарақәа иаҳа рырҭбаара.

Аиҧылараҿ ирылацәажәан ахәҳаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа ирызку азҵаатәқәа,  Аҧсны аҳәынҭқарра  иамоу аекономикатә потенциал, аҧсуа абиттурентцәа Китаи иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҿы аҵара роураз алшарақәа уҳәа убас егь.

Ли Джиан Хуа ихәҭаахьала иазгәеиҭеит «Китаи Аҧсны Аҳәынҭқарраҿ ахаҭарнакра шилшо Аҧсни Китаи еицырзеиҧшу абизнес ала».

Китаитәи абизнес-еилазаара  аҭактә визит крызҵазкуа хҭысны иҟалеит Аҧсны азы, иагьазгәанаҭеит Аҧсны аиамоу азҿлымҳара.