Ажәабжьқәа

“Аҧсны Аҳәынҭқарра аптекарцәа ргильдиа” актәи аилатәара

05.12.2013

Ноиабрь 5, асасааирҭа “Атриум – Виктороиа” аконфиренц-зал аҿы “Аҧсны Аҳәынҭқарра аптекарцәа ргильдиа” актәи аилатәара мҩаҧган.Аилатәараҿы иалацәажәан ари аҩыза аиҿкаара даара аҵак ду шамоу аптека аусуаҩцәа русура аиҿкааразы, урҭ рзинқәа ахьчараҿы, рзеиҧш зҿлымҳарақәа ацәыргареи.

 Аилацәажәара ашьҭахь иалахәыз ари агильдиа  ахантәаҩы иалхраз абжьыҭира мҩаҧган, уи ала еицҿакны абжьыҭира ала агильдиа ахантәаҩыс далхын Барцыц Антонина. Иара убас агильдиа апрезидиум еиҿкаан.

Анаҩстәи агильдиа аусура мҩаҧыслоит Барцыц А. Лнапхгараҭарала АА ААП ацхырраралеи.

Алахәылацәа рыхьӡынҵа:

АА ААП ахада ихаҭыҧуаҩ Гогәуа Сенер,

АА ААП алахәылацәеи, анаплакқәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи русуразы анапхгараҭара аиҳабы Зекир-оҕлы Кира,

  1. АК “Аҧсуа фармациа”
  2. ЗҲәА “Абхаз мед”
  3. Аҧтека №4
  4. ЗҲәА “Медторгтур”
  5. ЗҲәА “Меркурии – 96”
  6. Аҧека №2 (ақ. Гәдоуҭа)
  7. “Вита – Фарм”
  8. Гагратәи ақалақьтә аҧтека
  9. “Лекфарм”
  10. “Лекарь”