Ажәабжьқәа

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аргылаҩцәа Ргильдиа еиҿкаауп

11.12.2013

Декабрь 10 асасааирҭа «Атриум-Викториа» аконференц-зал аҿы АА ААП аҧшьгарала имҩаҧган «Аҧсны Аҳәынҭқарра Аргылаҩцәа Ргильдиа». Аилатәараҿы иалацәажәан ари аҩыза аиҿкаара аиҿкаара ахықәкас иамоу. Аилацәажәара иалаган Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата ахада иажәақәа рыла «Ааигәа еиҿкаап аптека аусуаҩцәа Ргильдиаи , иахьа ҳара ҳалацәажәоит уи аҵкыс зҵакы маҷым Аргылацәа ргильдиа аиҿкаара, ҳара ҳазҿлымҳауп анапалакыҩцәа ргәыҧқәа, реидгылақәа аус рыцура. Ҳара ҳаҧшьгаҩцәоуп ари аиҿкаараҿы, аха анаҩстәи ашьаҿақәа иара агильдиа ахала иҟанаҵалоит, ҳара ҳганахь ала излаҳалшо ала адгылара аҳҭалоит».

Анаҩс, Гагәылиа Г.Л. иалахәыз зегьы ирылигалеит ари агильдиа ахантәаҩы иалхра. Уи аҭыҧ ахь далхын аргыларатә компаниџ «Акапа» адиректор Леуан Миқаа.