Ажәабжьқәа

Аҧсны Аҳәынҭқарра Sajam Fair аусура аҽаланархәит

21.02.2015

Жәабран 19 Сербиа ақ. Белград ацәыргақәҵатә зал Sajam аҿы иаартын 37-тәи жәларбжьаратәи атуризмцәыргақәҵа Sajam Fair. Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьаӡа акәны иалахәуп ари ацәыргақәҵа, уахь амҩа иқәлеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аделегациа, хадара азиуан ААП Ахада Гагәылиа Геннади Леонид-иҧа. Иара аҽалархәразы иимҩаҧгаан аус ду аамҭа рацәа рқәырӡыз.

Арҭ реиҧш иҟоу ацәыргақәҵақәа рыҽрылархәра ҳара иҳанаҭоит ҳаӡбахә аҳәара, Аҧсны аҧшӡарақәа зегьы рдырбара, амилаҭтә калорит, атуристцәа адыҧхьалара Аҧсны алшара, аха зегь реиҳа ихадоу хықәкуп арҭ реиҧш иҟоу аусмҩаҧгатәқәа рылахәраан, Аҧсны жәларбжьаратәи азхаҵара.

Ацәыргақәҵаҿы Аҧсны Аҳәынҭқарра аҭӡамц ырҧшӡан Аҧсны аҭыҧ ҧшӡақәа рсахьақәа рыла, аурыс, англыз, асерб бызшәақәа рыла ицәырган Аҧсны атуризм ӡырызгоз абуклетқәа. Ацәыргақәҵа асасцәа ирыдгалан аҧсуа чысқәа хкы рацәала. Аҧсны аҭӡамц иагәылацәан ацәыргақәҵа аҧшәмацәа-асербцәа.

Ацәыргақәҵа аусура иацнаҵоит жәабран 22-нӡа.