Ажәабжьқәа

АҦСНЫ ААП: 17 ШЫҚӘСА ҚӘҾИАРАЛАТӘИ АУСУРА!

18.03.2019

Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, аколлегацәа!

Хәыжәкыра 18 рзы Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата 17 шықәса ахыҵит!

Арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟала Апалата иалшаз рацәаӡоуп, аҧснытәи анаплакыра аҿиаразы иҟанаҵаз алагала ду адагьы, иара имҩаҧнаго аусура абзоурала, амилаҭтә економика иадыҧхьалан аинвестициақәа маҷымкәа, иара убасгьы еиҭашьықәыргылан аибашьраантәи аамҭазы иӡыз аимадарақәа рацәаны.    

ААП еиднакылоит еиуеиҧшым аалыҵ ҭзыжьуа анаплакқәеи, аиндивидуалтә наплакыҩцәеи жәпакы. Сара сзы гәахәара дууп, апалата имҩаҧнаго аусқәеи, ауааҧсыра ирыднагало амаҵурақәеи рахь аинтерес еиҳа-еиҳа азҳара иахьаҿу. Ҳәарада, уи зыршаҳаҭуа акоуп – ААП аҧшьгарала анаплакыҩцәа рпрофессионалтә еилазаарақәеи, ргильдиақәеи, реидгылақәеи лассы-лассы иахьаҧҵахо.

Ари аҽны дугәаламшәар залшом Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аҧҵаҩы, уи раҧхьатәи ахада Гагәылиа Геннади Леонид-иҧа. Иара иабзоуралоуп апалата иҳараку аҩаӡарақәа рҟынӡа анеира шалшаз, иара убас аҧснытәи, жәларбжьаратәи анаплакыҩцәа рыбжьара аҳаҭыри ахьӡи-аҧшеи аиуртә ишыҟалаз. Уи адагьы, Аҧсны ААП хыҧхьаӡара рацәала еиуеиҧшым жәларбжьаратәи ацәыргақәҵақәеи, егьырҭ аусмҩаҧгатәқәеи иахьрылахәу иабзоураны Аҧсны адунеиаҿ иӡырнагоит, ахьӡ ҭнагоит.

Убри аҟнытә аиҳабыреи абизнеси реимадаразы ихадоу ҭыҧны еиҳараҩык ирыҧхьаӡоит Ахәаахәҭратә-ааглыхратә палата, избан акәзар араҟоуп иахьаҧҵахо аҩ-ганк ринтерессқәа ахьыхьчахаша, аицәажәаразы иманшәалоу аҭыҧ.

Агәра ганы сыҟоуп, ҳаҧхьаҟагьы апалатеи, анаплакқәа реиҳабацәеи, анаплакыҩцәеи, абизнес-еилазаарақәеи русеицура қәҿиарала ишацҵахо, Аҧсны аекономика еизырҳауа.

Гәыкала ирыдысныҳәалоит ари акыр зҵазкуа арыцхә ААП аколлективи уи алахәылацәеи зегьы. Ирзеиӷьасшьоит анасыҧ, аӷьауӷьацара, аусқәа зегьы рҿы аманшәалара!

Ҳаҭырла,

Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Тамила Мерцхәлааҧҳа.