Ажәабжьқәа

Аҧсны ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аделегациа алахәын Бриуссель имҩапысуаз Аҧсны апрезентациа

14.12.2017

Ҧхынҷкәын 12 рзы Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аделегациа, уи ахада Геннади Гагәлиа еиҳабыс дызмаз, усуратә визитла Бельгиа аҳҭнықалақь Бриуссель иаҭааны иҟан. Уаҟа имҩаҧысуан ҳтәыла Аҧсны аӡыргара: уи аҭоурых, акультура, аҧсшьаратә, аинвестициатә лшарақәа, иара убасгьы аҩ-тәылак рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа рырҭбааразы аҩызцәа рыҧшаара хықәкыс измаз.

Ишдыру еиҧш, ааигәа Бриуссель иаартын Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахаҭарнакра, Аҧсны ахыҧша бзиа адунеи аларҵәаразы, ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рырҿиаразы, ҳтәылахь аинвестициақәа рхьарҧшразы.

Бриуссель иҟоу Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахаҭарнакра ахыбраҿы еиҿкааз ахәылҧаз аартуа дықәгылеит асас дахь – Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Геннади Гагәлиа.

Ахәылҧаз аҭааҩцәа идырбан заанаҵ францыз бызшәала ирхианы иҟаз Аҧсны иазку афильм. Асасцәа ирызшан Аҧсны аӡбахә зҳәо ашәҟәы-быӷьшәы – Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата иҭнажьыз абуклетқәа, ҳтәыла аҭоурых, акультура, аҧсшьаратә, аинвестициатә потенциалқәас иамоу уҳәа ртәы ахьаҳәо.

  Аусмҩаҧгатә еиднакылаз асасцәа ҳтәылахь аинтерес ду аадырҧшит, азҵаарақәа шьарда ҟарҵон. Аофициалтә хәҭа ашьҭахь урҭ ирзеиҿкаан афуршет, уаҟа уаҩы ргьама ибар илшон еиуеиҧшым аҧсуа хышәҭ-мышәҭқәеи арыжәтәи: аџьынџьыхә, аҩқәа, ауаҭка, акониак.

Иааидкыланы апрезентациа рхы аладырхәит 60-ҩык инареиҳаны. Аҳаҭыр зқәу асасцәа иреиуан: Бельгиа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ахәаахәҭратә хаҭарнак Анатоли Горшков, Акралра Бельгиа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа абжьагаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Дмитри Бородин,Бельгиа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахаҭарнак Елена Медведева, Еидҵоу Амилаҭқәа Рхеилак (ООН) ахадеи уи ахаҭарнакцәеи, Европатәи акомиссиеи Европарламенти рхаҭарнакцәа, бельгиатәи абизнесуаа, аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа, урҭ реиҳабы Гиурсан Ашәба аҧхьа днаргыланы, уҳәа убас егьырҭгьы.

Ари ахәылҧаз аиҿкаареи амҩаҧгареи рҿы ацхыраара ду ҟарҵеит Еидҵоу Амилаҭқәа Реилазаара аусзуҩцәа. Аусмҩаҧгатә цонаҵы аҧсуа аалыҵ уахь анашьҭразы аинтерес аарҧшын, насгьы Бельгиа аҧсуа тауарқәа, хаҭалагьы аҩқәа, ахьырҭилаша адәқьан аартра азҵаара иалацәажәеит.

Аҧснытәи аделегациа иалахәын иара убас Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада ихаҭыҧуаҩ Ҭамила Мерцхәлааи Адәныҟатәи аимадарақәеи аинвестициақәеи рыҟәша аиҳабы Кама Ҵәыџьҧҳаи.

Иазгәаҭатәуп, арҭ амшқәа рзы Аҧсны дшаҭааз Бельгиатәи атуристтә фирма «Adventours» аиҳабы Аурелиен де сент Бланкард. Уи иаара хықәкыс иаман Аҧсны атуристтә потенциалс иамоу аилкаареи аҧсшьарҭатә-курорттә ҭыҧқәа раҭаареи, аекскурсиатә маршрутқәа реилкаареи – анаҩс Бельгиантәи афранцыз бызшәала ицәажәо атуристцәа Аҧсны раҭаарақәа реиҿкааразы.

Абас ала, Бриуссель ақалақь аҿы Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахаҭранакра аартра – Бельгиа атәылауаа ҳаҧсадгьыл ахь аинтерес рызцәырнагоит, Аҧсны ахьӡ ҭнагоит, иара уи ала атуризм аҿиарагьы иацхраауеит.

Бельгиатәи атуроператор Аҧсныҟа иаара акәзар – раҧхьатәи иналукааша хҭысуп ари ахырхарҭаҟны иҟалаз, ҳәа игәы иаанагоит  Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Геннади Гагәлиа.