Ажәабжьқәа

Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата афестиваль «Амшен» иалахәхеит

02.11.2017

Гәылрыҧшь араион Ҵҟыбын ақыҭан имҩаҧысит амшентәи аерманцәа ркультуреи рыбзазареи ирызку Афестиваль. Уи иалахәын Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатагьы, аҧсуа жәлар рчысхкқәеи, аҧсуа наплакцәа раалыҵи цәырганы.

Афестиваль даҭааит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба, ахада ихаҭыҧуаҩ Витали Габниа, аиҳабыра ахаҭарнакцәа, апарламент адепутатцәа.

Гәылрыҧшь араион ахада ихаҭыҧуаҩ Дмитри Габлиа иазгәеиҭеит ари афестиваль ныҳәак аҳасабала ишытрадициатәхаз. «Араион ахадара рыхьӡала ишәыдысныҳәалоит ари аныҳәамш. Агәыӷра сымоуп, ҧхьаҟагьы уи амҩаҧгара ишацҵахо», – иҳәеит Габлиа.

Аныҳәа иаҭааз Гагра араион ахада Заур Бганба ажәалагала ҟаиҵеит, иааиуа ашықәсазы афестиваль Гагра амҩаҧгаразы.