Ажәабжьқәа

Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Ахада Тамила Мерцхәлааҧҳа Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аҿы Аиааира Амш иазкны иҟалҵаз адныҳәалара

08.05.2018

Акыр иаҧсоу ҳветеранцәа! Ҳаҭыр зқәу Аҧсны ауааҧсыра!

Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахьӡала ишәыдысныҳәалоит 1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аҿы игаз Аиааира Амш!

Есышықәса ҳара зегь еицазгәаҳҭоит акрызҵазкуа ари аныҳәа ду. Агәырӷьареи ахьааи еиҟараны изцу ари амш аҽны аибашьра аветеранцәа адныҳәалара ажәақәа рзаҳкуеит, лахьеиқәҵаралагьы иаҳгәалаҳаршәоит хамеигӡарала афашизм иаҿагыланы иқәҧоз, иҭахаз аибашьцәа.

Ҳаҭыр ду зқәу аветеранцәа! Ҳара иаҳхашҭӡом аҭынчра аагара шаҟа ихьанҭаз, убри аҟнытә иҭабуп ҳәа шәаҳәара ҳааҧсаӡом. Агәабзиареи, аманшәалареи шәыгмыз еснагь, аҧсынҵыра ду шәымазааит! Ҳауаажәлар зегьы аҭынч ҧсҭазаара рзеиӷьаҳшьоит.

Аибашьра закәу лымҳаҭасла акәым ишаҳдыруа, уи амцашыра ҳалагылахьеит азы, ҳабдуцәа иаадырҧшыз афырхаҵара еснагь ҳалаҿхәалоит.

Аветеранцәа рҿаҧхьа уалҧшьас иҳадуп урҭ ашықәс еиқәаҵәақәа рхамшҭра. Аибашьра адәаҿы иҭахаз бзанҵы хашҭра рықәым! Зыҧсы еиқәхаз еснагь адгылареи ацхыраареи раҳҭалароуп.

Шәадныҳәалаз Аиааира Ду Амш!

 

Ҳаҭырла,

Тамила Мерцхәлааҧҳа,

Аҧсны ААП Ахада