Ажәабжьқәа

Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата алахәхеит Барселона имҩаҧысыз жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа “Alimentaria-2018”

20.04.2018

Мшаҧымза 16-19 рыбжьара Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аделегациа, уи ахада Геннади Гагәлиа инапхгарала, рхы аладырхәит Испаниа, ақалақь Барселона имҩаҧысуаз 22-тәи жәларбжьаратәи афатә-ажәтә ацәыргақәҵа “Alimentaria-2018”. Аделегациа иалахәын иара убас Апалата ахада ихаҭыҧуаҩ Тамила Мерцхәлааҧҳа, Адәныҟатәи аимадарақәеи аинвестициақәеи рыҟәша аиҳабы Кама Ҵәыџьҧҳа, Атуризм аҟәша аиҳабы Инара Даурова.

Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа “Alimentaria-2018” – Испаниа имҩаҧысуа иреиҳаӡоу ааглыхратә цәыргақәҵоуп, адунеи аҿы реиҳа ихадароу ааглыхратә цәыргақәҵақәа хҧа ируакуп, 1976 шықәса инаркны ҩы-шықәса рахьтә знык имҩаԥысуеит. Сынтәа ари ацәыргақәҵа мҩаҧысуан Барселона ақалақь, ацәыргақәҵатә центр «Gran Via» аҟны. Ари аусмҩаҧгатә аиҿкааҩцәас иҟоуп Alimentaria Exhibitions (аиҿкаарақәа REED Exhibitions, Fira Barcelona еицыртәу анаплакы). Аҟәшақәа рыла аихшареи, баҩхатәрала арҿыцрақәа ралагалареи, ахәыцшьа бзиеи, аласреи, азанааҭдырра ҳараки, жәларбжьаратәи азхаҵареи – абарҭ роуп ацәыргақәҵа “Alimentaria” ақәҿиарақәа зыбзоуроу ихадароу аҟазшьақәа.

Ари ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысит хыҧхьаӡара рацәала аконференциақәа, афорумқәа, аицлабрақәа, аконгрессқәа, аӡыргарақәеи агьамабарақәеи. Ацәыргақәҵа “Alimentaria” аус ауан уи иаҭаауаз афатә ҟазҵо, нас изҭиуа аспециалистцәа рзы, иара убас афатә-ажәтә аиморти аекспорти знапы алаку, ахәаахәҭра знапы алаку, аресторанқәа, иҷыдоу  адәқьанқәа рхаҭарнакцәа рзы уҳәа уб. иҵ.

Ацәыргақәҵа рхы аладырхәит Китаи, Мексика, Болгариа, Италиа, Чехиа, Польша, Румыниа, Ливиа, Бразилиа уҳәа атәылақәа рхаҭарнакцәа. Аҧснытәи апавильон авараҿы иаартын Еидҵоу Арабтәи Аемиратқәа, Еиду Америкатә Штатқәа, Перу, Каталониа, Украина, Ҭырқәтәыла, Китаи, Португалиа, Литва, Латвиа реиҧш иҟаз атәылақәа рыстендқәа. 

Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата астенд даара азҿлымҳара ду цәырнагеит ацәыргақәҵа алахәцәеи уи аҭааҩцәеи рыбжьара иара аиҿкаашьа аҧшӡаралеи, амилаҭтә атрибутқәеи, Аҧсны иҟарҵо арыжәтә џьбарақәеи афатәқәеи рыхкырацәалеи. Апрезентациа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысит аҧсуа ҩқәа, аџьыка, аџьынџьыхәа, ашәырқалмышь, ачаи, ацха, уҳәа ҳтәыла анаплакцәа раалыҵқәа ргьамабара. Ацәыргақәҵа алахәцәа аинтерес ду рызцәырнагеит иара убас акьыҧхьтә аалыҵгьы, ҷыдала аиспан бызшәала ААП аусзуҩцәа иаздырхиаз: Аҧсны атуризм, ақыҭанхамҩа, аинвестициатә потенциал зеиҧшроу атәы зҳәо абуклетқәа, агәаларшәага бӷьыцқәа, иара убас Аҧсны иазку авидеоматериал (афильм).

Мшаҧымза 18 рзы Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата апавильон даҭааит Испаниа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ахәаахәҭратә хаҭарнак Галина Курочкина. Уи лҽазкны Мадридынтә Барселона дааит, еиуеиҧшым азҵаарақәа рыла  аҧсуа делегациа ацхраара дшазыхиоугьы аалырҧшит. Аҧснытәи аделегациа адгылара аиҭарц азы ацәыргақәҵа даҭааит иара убас Барселона иҟоу Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Кәыџба Хусам.

Ацәыргақәҵа аус ахьынӡауаз уи иаҭааит 150 нызқьҩык инарзынаҧшуа аспециалистцәа, урҭ рахьтә 40 нызқьҩык раҟара – 70 тәыла ирхаҭарнакцәоуп. Иааидкыланы 4 000 рҟынӡа анаплакқәа раалыҵ цәырыргеит, урҭ рҟынтә 32 % - аҳәаанырцәтәиқәан. Ацәыргақәҵа «Alimentaria»  ахьаартыз аҵакырадгьыл иамҽханакит 100 000 метр ҧшьыркца. Уи аусура ацашьа зеиҧшраз аадырҧшуан 1700-ҩык ажурналистцәа, имҩаҧысит 12 500 бизнес-еиҧылара.

«Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата қәҿиарала ари ацәыргақәҵаҿы ахы аанарҧшит. Ас еиҧш иҟоу аусмҩаҧгатәқәа жәларбжьаратәи ахырхарҭала Аҧсны ахьӡ аҭыгара иацхраауеит, ҳтәыла ахыҧша бзиа адунеи иаладырҵәоит», – ҳәа азгәеиҭеит Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Геннади Гагәлиа.

Иазгәаҭатәуп Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ацәыргақәҵа иалахәыз атәылақәа рзеиҧш каталог ишанылаз.