Ажәабжьқәа

Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата алахәын XI-тәи арегионбжьаратә форум «Ҧхьаҟатәи аизҳара афлагманқәа»

15.09.2017

Краснодар ақалақь амуниципалтә еиҿкаара аиҳабы иҟаиҵаз ааҧхьарала Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата алахәын Урыстәыла Аладатәи афедералтә округ аҟны иреиҳаӡоу ахеидкылақәа злахәыз, «Ҧхьаҟатәи аизҳара афлагманқәа» ҳәа хьӡыс измаз  XI-тәи арегионбжьаратә форум.

Афорум мҩаҧысуан цәыббра 14 рзы ақалақь Краснодар. Ари аусмҩаҧгатә аиҿкааҩцәас иқәгылеит ақалақь ахадара, афорум аиҿкаараҿы ацхыраара ҟанаҵеит иара убас аналитикатә центр «Эксперт Юг».

Афорум апрограмма злашьақәгылаз ахырхарҭақәа иреиуан Краснодартәи атәылаҿацә аҟны абизнес ду аҿиара иадҳәалоу реиҳа актуалра змоу азҵаарақәа рылацәажәара, иара убас Амшын Еиқәа иаҧну арегион аҟны аусеицура еиҳа изырбеиаша амҩақәа ралхра арманшәалара. Апленартә еилацәажәарақәа ртемақәас иҟан абарҭ: «Аладатәи арегион азы афлагмантә проектқәа: аусеицура шҧеиҿкаатәу?», «Амшынеиқәаҿтәи аекспорттә еилахәыра: Ҟәыбина атранспорттә-логистикатә кластер арҿиара шҧамҩаҧгатәу?», «Ааглыхрахь аинвестициақәа рдәықәҵара: аџьармыкьақәа аизҳаразы аҭагылазаашьа аҧырҵома?», «Ақыҭанхамҩа-ааглыхратә комплекси афатә ааглыхреи: ақәҿиарақәа рымҿхак шҧеизырҳатәу?».

Афорум алахәцәас иҟан афедералтәи арегионалтәи еиҳабырақәа рхаҭарнакцәа, Урыстәыла Аладатәи афедералтә округ аҟны анаплак дуқәеи абжьаратәқәеи рнапхгаҩцәа, адгылара аинститутқәеи, абизнес-ассоциациақәеи реиҳабацәа, афинанстәи аексперттәи хеидкылақәа рхаҭарнакцәа, ажурналистцәа.