Ажәабжьқәа

Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аусзуҩцәа аинрал Уалид Маршьан Абаза иуацәеи иҭынхацәеи ирыдышшылоит

14.10.2017

Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата гәалсра дула адышшылара ҟанаҵоит ауацәеи аҭынхацәеи, Шьамтәыла ауаажәларреи, Шьамтәылатәи аҧсуа диаспореи рахь иналукааша ауаажәларратә усзуҩы, зыҧсадгьыл апатриот иашаз иҟаз, аинрал Уалид Маршьан Абаза иҧсҭазаара дахьалҵыз азы. Ари ауаҩ даараӡа ҳаҭыр иқәын аҧсуа-адыга диаспораҿы, Аҧсныи Шьамтәылеи реиҩызара арҳареи арӷәӷәареи рзы илшарақәа рацәаӡоуп. Аҧсуа жәлар рҵеи лаша Уалид Маршьан иҧсҭазаара зегьы дахьынхоз Сириа-Арабтәи Ареспублика (Шьамтәыла) аизҳазыӷьара иазикит, уи амилаҭтә интересқәа рыхьчара еснагь дазгылан. Иара убри алагьы аҿырҧш ду ҳиырбеит узқәынхо атәыла амаҵ шазутәу азы. 

Уалид Маршьан наӡаӡа аҧсуа жәлар рхы-ргәаҿы даанхоит, иара иҧсадгьыл ахь имаз абзиабара – ҳара зегь ҳазҿыҧшша ак акәны иҟазаауеит. Ари уауҩ ду дыздыруаз зегьы ҳрыцџьабоит иахьа.