Ажәабжьқәа

АҦСНЫ АХӘААХӘҬРА-ААГЛЫХРАТӘ ПАЛАТА ИАЛАХӘЫН «60-ТӘИ ДАМАСКТӘИ АДУНЕИЗЕГЬТӘИ АУНИВЕРСАЛТӘ ИАРМАРКА»

07.09.2018

Цәыббра 6 рзы иаатыз Шьамтәылатәи Арабтә Республика аҟны «60-тәи Дамасктәи адунеизегьтәи ауниверсалтә иармарка» рхы аладархәит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аделегациа. Аделегациа, АААП ахада Тамила Мерцхәлааҧҳа дызхагылаз, иалан жәҩык Апалата аусзуҩцәа.  

Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аделегациа иалахәын Аҧсны Аҳәынҭқарра иофицалтәу аделегациа, атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба дызхагылаз.

Аиармарка ашҟа ааҧхьара Апалата иазаашьҭын ҧхынҷкәын 2017 шықсазы, Шьамтәылатәи Араб Республика Аҧсны ахьаҧшымра азханаҵаанӡа.

Аҧсуа павилион аиқәыршәара Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара ААП иадырҵеит, анаҩс, атәыла аиҳабыра уи шьақәдырӷәӷәеит. Иааидкыланы, афатә-ажәтә еидара 1,5 тонн рҟынӡа инаӡон.

Аҧсны апавилион аҵакыра 100 метра ҧшьыркца иҟан, иагьшан тематикала ҧшь-хәҭак рыла: атуризм, аҭоурыхи акультуреи, ақьыҭанхамҩа, арыжәтә.

Ҷыдала иазгәаҭатәуп аиармарка раҧхьаӡатәи амш «Аҧсны амш» ҳәа ишрылаҳәаз. Асасцәа идырбан Аҧсны иазкны акиносахьа, насгьы урҭ рҿаҧхьа акәашаратә ансамбль «Кавказ» иссирны иқәгылеит. 

Аҧсны ААП аиармарка аҟны ицәырнагеит хкырацәала Аҧсны иҭрыжьуа аалыҵ -  ЗҲӘА «Аҧсныи аӡқәеи аҩқәеи», ЗҲӘА «Абхаз Шато», «Аргәын Иашҭа», «Ашәба Иашҭа» аалыҵқәа, АН Мықәба, ЗҲӘА «Ауараштә зауад «Сухумский» (алимонади ауараши), ААӠ «Ауадхара», ЗҲӘА «Ресурс Юг», еиуеиҧшым аџьемқәеи, аиҵыршқәеи ЗҲӘА «Абхазские сады», «Ахҿарах» рыҟнытә, ЗҲӘА «Торговый дом Рубин» (ашәыреиларшӡқәа), аџьыка «Амца» ахеилак «Абхазпродукт» аҟнытә, аиндивидуалтә наплакҩы Камила Кәыҵниаҧҳа (аџьынџьыхәи, асыӡбали), АУН «Абхазмед» (аҧсуа ацха), АН Џьанашьиа, АН Миквабиа, АУН «Кәтол» (хкырацәала ачаи).

 Убасгьы Аҧсны апавилион аҿы ицәырган асувениртә наплыхқәагьы, аскульптор Аслан Нанба акерамика иалху иусумҭақәеи, Аҧсны Аҳәынҭқарра асимволикеи атрибутикеи.

Апавилион асасцәа Аҧсны иазкыз акиносахьа анаҩсгьы, ирбар рылшон еиуеиҧшым акьыҧхь аалыҵқәа, Акультуреи Атуризми аминистррақәеи, Аҳәынҭқарратә аинвестициатә маҵзуреи еиқәдыршәақәаз.

«Ҳаҭыр зқәу асасцәа раҳасаб ала, аофициалла, инеишьҭаргыланы ҩынтәны Аҧсны ААП ари ацәыргақәҵа ахы аларнахәоит. Ҳара иҳаман алшара, даара иҧшӡаз, аирмарка аартра ацеремониа аҭаара, уи еиҿнакааит Шьамтәылатәи Арбатә Республика аекономикеи адәныҟатәи ахәаахәҭреи Аминисттра. Ҳара ҳпавилион ашҟа асасцәа ирымаз азҿлымҳара даараӡа иҳаракын, раҧхьаӡа аиармарка ҳаналахәыз еиҧшцәҟа. Зегьы еицҿакны иазгәарҭон аалыҵ ахкырацәара», - ҳәа азгәалҭеит Аҧсны ААП ахада Тамила Мерцхәлааҧҳа.   

Ҷыдалагьы лара иазгәалҭеит, ШьАР аҟны иҟоу Аҧсны ААП ахаҭарнак Низар Альџьаббан хәшьара змам ицхыраара аиармарка аиҿкааҩцәа рацәажәааран, убасгьы аҧсуа павилион аргылараан.

Апавилион «Аҧсны Аҳәынҭқарра» аганаҿ игылан Чехиа, Китаи, Кореиа Жәлар Демократиатә Республика, Венесуела, Судан, Афганистан, Нхыҵ Уаҧстәыла, Палестина, Македониа, Бразилиа, Индонезиа, Индиа рпавилионқәа.

Зегь реиҳа ҳаҭыр зқәыз сасны Дамасктәи аиармарка аҟны, ҳәарада, аҧсуа аекспозициа аҟынгьы, дҟалеит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба. Иара аиармарка аартра ацеремониа аҟны дықәгылеит, иҟаиҵеит адныҳәаларатә ааҧхьара.

Аҧсуа павилион Аҧсны Ахада даҭааит ШьАР аҧыза-министр Имада Хамис дицны. Урҭ дырҧылеит АААП ахада Тамила Мерцхәлааҧхеи, Апалата аусзуҩцәеи.

Убасгьы, Аҧсны апавилион сасцәаны иаҭааит Урыстәылатәи Афедерациа, Венесуела, Белорусиа, Аиармантәыла, егьырҭ атәылақәагьы жәпакы рыцҳаражәҳәарҭақәа рхаҭарнакцәа.

Ҵыҧх Аҧсны Аҳәынҭқарра ари ацәыргақәҵа ҳаҭыр зқәу сасцәақәак раҳасабала иалахәызҭгьы, уажәазы Аҧсны абираҟ ацәыргақәҵа иалахәыз егьырҭ атәылақәа рбираҟқәа ираҟараны ишьҭыхын, сынтәа Шьамтәыла Аҧсны ахьыҧшымра ахьазханаҵаз инадҳәаланы, аҧсуа делегациа иҳаракӡоу ҩаӡарала ирыдыркылоит, Шьамтәыла аҳәынҭқарратә атрибутқәа зегьы азгәаҭаны.