Ажәабжьқәа

АҦСНЫ АХӘААХӘҬРА-ААГЛЫХРАТӘ ПАЛАТА МОСКВА ИМҨАҦЫСЫЗ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АЦӘЫРГАҚӘҴАҾЫ

12.03.2019

Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи Аҧсны Аҳәынҭқарра акурортқәеи атуризми рзы аминистрреи рхы аладырхәит ХХVI-тәи Москватәи жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа MIТT «Аныҟәареи атуризми» ҳәа хьӡыс измаз.

Ацәыргақәҵа мҩаҧысуан ҩымш, хәыжәкыра 12 инаркны 14 рҟнынӡа, Ацәыргақәҵатә комплекс хада «Експоцентр» аҟны.

Аҧсуа павилион аҟны ицәырган Аҧсны атуризм ахырхарҭала аус зуа аилазаарақәа. Иазгәаҭатәуп, апавилион Аҧсны Аҳәынҭқарра официалла иахьаарҧшыз ҭыҧны ишыҟаз. Уаҟа ицәырган ҳтәылаҿы иҟоу атуристтә маршрутқәеи, насгьы ареспублика иаҭаауа аҧсшьаҩцәа рзы еиҿкаахарц зылшо иуникалтәу аҧсшьаратә лшарақәеи.

Убасгьы, апавилион иаҭауааз зегьы рзы Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата еиҿнакааит Аҧснытәи аалыҵқәа рӡыргара: иџьбароу арыжәтәқәеи, хкыла еиуеиҧшым афатәқәеи, акьыҧхьтә аалыҵи, аҳамҭаҷқәеи. Ацәыргақәҵа асасцәа гәахәарыла ргьамақәа рбон аҧсуа ҩқәеи, ауаҭкеи, ашәи, арасеи, ашәыри, аџьемқәеи, аџьынџьыхәеи, ахәырмарҩеи, ацхеи, аџьыкеи.

Аҧсны ААП ари аҩыза зыҩаӡара ҳараку ацәыргақәҵа алахәра иабзоураны жәларбжьаратәи атуристтә џьармыкьаҿ Аҧсны цәыргахеит, иӡыргахеит. Уи адагьы, ацәыргақәҵа иаҭааз идырбан Аҧсны ақыҭанхамҩеи, агастрономтә туризми рыҿиаразы иаҧҵоу аҭагылазаашьақәеи, иамоу алшарақәеи.