Ажәабжьқәа

Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатаҟны ирыдыркылеит Шьамтәылантә иааз аделегациа

29.09.2017

Аиааира амш 24 шықәса ахыҵра азгәаҭара аламҭалазы Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхартә палата ахада Геннади Гагәлиа идикылеит Шьамтәылантә иааз ҳаҭыр зқәу аделегациа.

Ари аҭаара алыршахеит 2008 шықәса раахыс ААП-еи Шьамтәылеи ирыбжьоу аимадарақәа реизырҳаразы Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхартә палата имҩаҧнаго аусқәа ирыбзоураны. Шьамтәылатәи аган иаанарҧшыз аинициатива ала дара рделегациа далахәын Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхартә палата Адәныҟатәи аимадарақәеи аинвестициақәеи рыҟәша аспециалист Моҳаммад Али Таташь.

Иазгәаҭатәуп, 2014 шықәса рашәарамазазы Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхартә палатеи Шьамтәылатәи аекспортиорцәа рфедерациеи аҩ-ганк иеицырзыфеидоу аусеицуразы аиқәшаҳаҭра шрыбжьарҵаз. Уи ашьҭахь Аҧсны ААП ахаҭарнакцәеи Дамаск Ааглыхратә палата ахаҭарнакцәеи реиҧылара мҩаҧысит Ливан, Беирут ақалақьаҿ.

2017 шықәса нанҳәамзазы Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхартә палата алахәын Дамаск имҩаҧысуаз хырхарҭарацәалатәи жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа «59th Damascus International Fair». Аҧсны Аҳәынҭқарра, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахьӡала, ари ацәыргақәҵа раҧхьаӡа акәны иалахәхеит, Шьамтәылатәи аекспортиорцәа Рфедерациа иҟанаҵаз ааҧхьара абзоурала. Аҧснытәи аделегациа ари ацәыргақәҵа аартра иалахәын ҳаҭыр зқәу асасцәа раҳасабала. Иналукааша ахҭысқәа ирхуҧхьаӡалар ҟалоит иара убас Аҧсны абираҟ раҧхьаӡа акәны ари жәларбжьаратәи ацәыргақәҵаҿы иахьышьҭыхыз, уи иалахәыз егьырҭ атәылақәа рбираҟқәа инарываргыланы.

Нанҳәамза 20 рзы Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи Шьамтәыла Ахәаахәҭратә палатақәа рфедерациеи рыбжьара наҟ-ааҟтәи Аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыдыркылеит. Шьамтәыла Ахәаахәҭратә палатақәа рфедерациа ахада Моҳамед Ҳасан Каала иазгәеиҭеит ари аиқәшаҳаҭра адкыларазы Шьамтәыла аа-шықәса аусура ишаҿыз.

Ас еиҧш иҟоу ацәыргақәҵақәа рылахәхареи, аҵак ду змоу аилацәажәарақәа рымҩаҧгареи даҽазнык ишьақәдырӷәӷәоит ҳтәыла жәларбжьаратәи аҩаӡара змоу ахҭысқәа ирылахәзар шаҟа ихадароу – Аҧсны ахыҧша бзиа хара ицаразы, аимадара ҿыцқәа, аҩызцәа бзиақәа рырҳаразы, акультуратә, ахәаахәҭратә, аекономикатә еиҿцаарақәа рырҭбааразы.

Аиҧылара ахыркәшамҭаз Шьамтәылатәи асасцәа Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада ҳамҭас ирҭеит аҟама – аиааиреи ахақәиҭреи ирсимволу.