Ажәабжьқәа

Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи Шьамтәыла Ахәаахәҭратә палатақәа рфедерациеи Аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыдыркылеит

24.08.2017

Нанҳәамза 20 рзы Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи Шьамтәыла Ахәаахәҭратә палатақәа рфедерациеи рыбжьара аҩ-ганк рыла Аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыдыркылеит. Ари ашәҟәы анапаҵаҩра мҩаҧысит Аҧсны ААП злахәу Дамаск имҩаҧысуа 59-тәи Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аҧсны Аҳәынҭқарра, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахьӡала, ари ацәыргақәҵа раҧхьаӡа акәны иалахәхеит, Шьамтәылатәи аекспортиорцәа Рфедерациа иҟанаҵаз ааҧхьара иабзоураны. Ари Афедерациеи Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи уаанӡа Аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵахьан.

Уажәы зыӡбахә ҳамоу Аиқәшаҳаҭра гәахәара дула рнапы аҵарҩит Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Геннади Гагәлиеи Шьамтәыла Ахәаахәҭратә палатақәа рфедерациа ахада Моҳамед Ҳасан Каалеи.

Аиқәшаҳатра анапаҵаҩра ашьҭахь апалатақәа рхадацәа алацәажәеит ҧхьаҟатәи русеицура ҧеиҧшқәас иамоу, иара убас аҩ-ганк еицырзыфеидоу аекономикатә еимадарақәа рырӷәӷәаразы шьаҿақәас иҟаҵатәу.

Аиҧылара ахыркәшамҭаз уи алахәцәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.