Ажәабжьқәа

Аԥсны Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палатеи Ҭырқәтәылеи аҩ-тәылак рхәаахәҭра –економикатә еизыҟазаашьақәа активла рырҿиара рнапы аларкуеит

01.07.2013

АА ААП аделегациа: Ахада АА ААП Гагәлиа Г.Л., Аустә Хеилак «Аԥсны-Ҭырқәтәыла» ахантәаҩы  Гагәуа С.Н., Аустә хеилак «Аԥсны-Ҭырқәтәыла» амаӡаныҟәгаҩ Абыџьба Б.Х. иацнаҵоит аусуратә визит Ҭырқәтәыла иацнаҵоит.

Ацәыргақәҵа «ТУСКОН» аҳәаақәа ирҭагӡаны  АА ААП имҩаԥнагеит аргылара аҟәша ала имаҷымкәа аиԥыларақәа.

АА ААП ахада Гагәылиа Г.Л.  Ибригим Чаглар Сҭамбылтәи апалата ахадас иалхра идиниҳәалеит, ҭабуп ҳәангьы ииаиҳәеит ириҭаз адкылареи азҿлымҳареи рзы.

«Иахьа Аԥсни Ҭыырқәтәылеи ахәаахәҭра0економикатә еизыҟазаашьақәа иубаратәы ирызҳауеит, ҳара ҳнапалакыҩцәа активла аус еицырууеит, ҳаргьы аганахь ҳгылар ҟалом. Ҳара ҳаҩ-тәылак рыбжьара атауареикәшара еиҳа-еиҳа еизҳауеит, ҳара иҳалшо ззегь ҟаҳҵароуп ҳнапалакыҩцәа реимадаразы, уи аҩ-тәылак  рзы афеида азнауеит»,- иҿхәеит Гагәылиа Г.Л.

Иара иганахь ала,  Сҭамбылтәи апалата ахада иазгәеиҭеит, «ҭоурыхла Аԥсни Ҭырқәтәылеи ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа ашрыбжьаз, иахьатәи атауареикәшаратә рбага иаҳәо рацәоуп, сара сақәгәыӷуит ирхарамкәан ҳара иаҳзымҩаԥгап ҳәа апоектқәа Аԥсни Ҭыырқәтәылеи рхәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рырҿиара  иацхрааша. Сара агәраганы сыҟоуп, шьаҿа-шьаҿала ҳара ҳшықәкқәа наҳагӡам ҳәа».

Апроектқәа рылацәажәара ашьҭахь аганқәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.