Ажәабжьқәа

Аҧсны акиноматографистцәа рделегациа аҭаара алҵшәақәа

10.10.2014

Жьҭаара 7 инаркны 10-нӡа Аҧсны имҩаҧысуан аибажьра-ҭоурыхтә фильмқәа рфестиваль, иара еиҿкаан Урыстәыла афильма аҳәынҭқарратә фонд, Аҧсны Аҳәынҭқарра акультура аминистрреи Аҧсны Аҳәынҭқарра акинематографистцәа реидгылеи, аусмҩаҧгатә аиҿкаараҿы адгылара ҟанаҵеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата.

Ари ахҭыс инамаданы ҳтәыла иаҭааит Урыстәыла Афедирациа акинофильмқәа аҳәынҭқарратә фонд адиректор хада Борадачев Николаи Михаил-иҧа хадара ззиуаз акинематограффистцәа рделегациа. Иара убас аделегациа иалахәын: адиректор хада иҷыдоу апроектқәа рзы ихаҭыҧуаҩ Андреева Лариса Анатоли-иҧҳа, Урыстәыла жәлар рартист Буриаев Николаи Петр-иҧа, апродиусер Серебриаков Константин Иван-иҧа, Урыстәыла зҽаҧсаҽтәыз артистка Светличнаиа Светлана Афанаси-иҧҳа, атеатри акиноуи рартист Федоров Тимофеи Валери-иҧа, асахьаркыратә напхгаҩы Махкамов Леонид Али-иҧа уҳәа убас егьырҭгьы.

Жьҭаара 6 Аҧсны Аҳәыгҭқарра ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Гагәылиа Геннади Леонид—иҧа дызлахәыз аделегациа рҧылара мҩаҧган, аделегациа рҧылара иадҳәалаз агәырӷьаратә уаххьа еиҿкаан.

Ҳтәылаҿы аелегациа ыҟанаҵы, амшқәа зегьы еиҿкаан Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә апалата аусуаҩцәа рыла рымҩаҧгара, иара убас дара ирзеиҿкаан аекскурсиа.

Акиноматографистцәа рделегациа Аҧсны иҟанаҵы аҧсуа драматургиа актерцәеи дареи реиҧыларақәа мҩаҧган; урҭ аиҧыларақәа мҩаҧысуан Аҟәа, Очамчыра, Гәоуҭа иалацәажәан акадыртә зҵаарақәа: аҧсуа актиорцәа рыкволификациа аизырҳара, акадырқәа рыла аиҭныҧсахлара. Иара убас ажәлар ирдырбан аурыс киноматографиа ахьтәыы фонд аҟынтә афильмқәа.

Аҧсны аҭаара ахықәкы хадақәа ируакуп аҧсуа жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра иазкны афильм аҭыхра, Урыстәыла афильмаҳәынҭфонд адгыларала. Асасцәа рцара инамаданы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата еиҿнакааит агәырӷьаратә уаххьа.