Ажәабжьқәа

Аҧсны анапалыҩцәа реиҧылара

29.05.2015

Лаҵарамза 29, 2015 шықәсазы АА Ахада иҿы иҟоу «Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентри Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи «2025 шықәсанӡа Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциал-екрномикатә ҿиара астратегиа» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧыргеит Аҧсны анапалакыҩцәа реиҧылара.

Аиҧылара рзы аладырхәит аекономика аҟәшақәа рҿы аус зуа аҧсны анапалакыҩцәа гәыҧҩык.

Еизаз рҿаҧхьа иқәгылеит: Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иҿы иҟоу Астратегатә ҭҵаарақәа рцентр Адиректор Олег Дамениа, Аҧсны Аҳәынҭқарра аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Ахада актәи ихаҭыҧуаҩ Лышәба Адгәыр.

Аеконмикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААУ апроф. Заур Шьалашьаа иқәгылараҿы иазгәаиҭеит анапалакратә усура амҩаҧгаразы анорма-зинтә шьаҭаеи Аҧсны Аҳәынҭқарра аинвестициа астимулиациа активтәреи. Астратегиа аҧҵарашьа атәы лҳәеит Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аҭҵарадырратә усуаҩ еиҳабы, ауниверситете арҵаҩы Цәышба А.С.

Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет адоцент Кәыҵниа М.Г. лықәгылара азкын Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә рҿиара амодель.

Арҭ рҩызцәа аиҧыларақәа апрактикатә усуреи аҭҵааратә теореи реимадаразы зда ҧсыхәа змама ак акәын, дара ирылҵшәаны иҟалоит аҧхьаҟатәи асоциалтә-економикатә рҿиара апрограмма.